Аԥсныҟа дааит амшын иагаз урыстәылатәи аԥсшьаҩы лыԥшәма

© Sputnik / Акоп Кущян Набережная Гагры
Набережная Гагры  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.07.2021
Анапаҵаҩра
Санкт-петербургтәи аԥсшьаҩы Тамара Молчанова хҩык лхәыҷқәа лыманы аӡиас Бзыԥ аҿы лҽылкәабарц лыӡбеит иара амшын иахьалало аҭыԥ аҿы, аха иахьҭалаз аӡы иаманы идәықәлан, амшын ахь иагеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 7 - Sputnik. Пицундаҟа дааит Гагра амшын иагаз урыстәылатәи аԥсшьаҩы Ҭамара Молчанова лыԥшәма, абри атәы аанацҳауеит АҶА. 

Шторм на море  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.07.2021
Гагра зыԥсы зшьоз аԥҳәыс хҩык лхәыҷқәеи лареи амшын иаанахәеит

Амашәыр ҟалеит ԥхынгәы 6 рзы ашьыжь, Молчанова хҩык лхәыҷқәа лыманы ашьха ӡиас Бзыԥ аҿы лҽылкәабарц дцеит, иӷәӷәаны ицәқәырԥоз амшын дҭамларц анлабжьыргаз ашьҭахь. Аӡиас аӷьны ишлеиуаз, рыԥшьҩыкгьы аашьҭнаԥаан, амшын ахь иагеит. Ахәыҷқәа аӡы ралгара рылшеит, аха аиҵыбӡа лыԥсҭазаара далҵхьан.

Молчанов арахь дааит Аԥсны АҶА аусзуҩцәа Шәача ақалақь ахәыҷтәы хәышәтәырҭахь ирышьҭыз быжь-шықәса зхыҵуа иԥҳа диманы. Аҳақьымцәа аӡӷаб лҭагылазаашьа хар амам ҳәа иршьеит, аха лара даара апсихологцәа рыцхыраара лҭахуп.

Уажәы Молчанова лыуацәа АҶА амедусзуҩцәа рыцуп, апсихологгьы убрахь дналаҵаны.

Аԥсшьаҩы макьана дырзымԥшаацт. 

Аԥсны АҶА адыррақәа рыла, 2021 шықәсазтәи аԥхынразы иазгәаҭоуп аӡаҿы амашәырқәа жәаба рҟынӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0