"Спутник V" актәи акомпонент ала алаҵаҟаҵаразы аҽҭаҩра аанкылоуп Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукВакцинация от COVID - 19 в Абхазии
Вакцинация от COVID - 19 в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.07.2021
Анапаҵаҩра
Акоронавирустә инфекциаҟынтә Аԥсны алаҵаҟаҵара иалагеит лаҵара 11 рзы, атәыла ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рҿы уи амҩаԥгаразы иаҭахыз аҭагылазаашьақәа аԥырҵеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 8 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. "Спутник V" актәи акомпонент ала алаҵаҟаҵара хыркәшоуп Аҟәа ҳәа арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит аҳҭнықалақь Агәабзиарахьчара аусбарҭа аиҳабы Ирма Воуԥҳа.

Вакцинация от COVID - 19 в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.07.2021
COVID-19 аҟынтәи агәыр: Аԥсны алаҵаҟаҵара шымҩаԥысуа

Аԥсныҟа иааргаз алаҵа "Спутник V" актәи апартиа 6,5 нызқь доза ыҟан, дозацыԥхьаӡа ҩ-компонентк рыла ишьақәгылоуп. Ари ахыԥхьаӡараҟынтәи 2995 цыра Аҟәа ирзыҟарҵеит, аҩбатәи акомпонент ҟарҵарц азы даҽа мызкы аҟара аҭаххоит ҳәа азгәалҭеит Воуԥҳа. Иахьазы аҩбатәи акомпонент рзыҟарҵахьеит 1679-ҩык.

Аҳҭнықалақь Агәабзиарахьчара аусбарҭа аиҳабы иазгәалҭеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра урыстәылатәи рколлегацәа ишрыдҵаалаз "Спутник V" аҩбатәи апартиа арахь иаарышьҭырц азы. Ари азҵаара уажәазы аӡбара иаҿуп лҳәеит лара.

Воуԥҳа лажәақәа рыла, иҟоуп алаҵаҟаҵаразы зҽанызҵаз ауааԥсыра, аха уи ззымхаз, алаҵа апартиа ҿыц шааилак еиԥш урҭ ирзыҟаҵахоит. Амедицинатә усбарҭақәа рҟынтәи аҭел ирзасны алаҵаҟаҵара инарыԥхьоит, асиа рыҽшанырҵаз еиԥшҵәҟьа. 

Уаанӡа агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ишиҳәаз ала, Аԥсны урыстәылатәи аган ахь аҳәара ҟанаҵеит иаҭаххар, урыстәылатәи аҳақьымцәа цхыраара Аԥсныҟа иаарц. Иара убас атәыла атерапевт хада Анжела Арҷелиаԥҳа илҳәахьан Аԥсны алаҵа ҟазҵахьоу реиҳараҩӡак ԥырхага шрынамҭаз, уи аҵыхәала ахәшәтәырҭа аӡәгьы дышҭамшәац.

Ажәабжьқәа зегьы
0