Амузыкатә шедеврқәа: аклассика Аԥсуа драмтеатр аҿы

Анапаҵаҩра
Аԥсуа драматә театр сынтәатәи аԥхынразы ахәаԥшцәа рзы аспектакльқәа рыдагьы, амузыкатә усмҩаԥгатәқәагьы азнархиеит. Sputnik аобиектив аҿы – "Адунеитә классика ашедеврқәа".

Ԥхынгәы 12 инаркны Акультура аминистрра иаҵанакуа аусбарҭақәа зегьы рҿы ахәаԥшцәа рыдкыларазы азин ыҟам. Иадыркуеит атеатрқәа, амузеиқәа, афилармониа, акультура аҩнқәа, аконцерттә залқәа. 

Аклассикатә музыка абзиабаҩцәа иахьӡеит акомпозиторцәа рҟазара раҳарц Аԥсуа драматә театр аҿы. Апроект "Аклассикатә музыка ашедеврқәа" ҩынтәҟа анагӡара рылшеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә камертә оркестр.

Акустика бзиа змоу адрамтеатр афоие аҿы аԥсуа оператә шәаҳәаҩцәеи егьырҭи инарыгӡеит адунеитә классика иаҵанакуа аԥҵамҭақәа. Уи иалахәын "Геликон Опереи", Станиславскии Немировичи-Данченкои рыхьӡ зху Амузыкатә театри, Урыстәылатәи академиатә Театр Дуи (Большой театр), Аԥсны Аҳәынҭқарратә камертә оркестри.

Зегь иџьаршьаша хҭысхеит Урыстәыла Жәлар рартист имаҭа, Амузыкатәи адраматәи ҟазара иазку Лондонтәи академиа ҳаҭыр зқәу академик, Иури Башмет ихьӡ зху аԥхьахә ГРЭММИ занаршьахьоу Грант Башмет.

Ажәабжьқәа зегьы
0