Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Арӡынба административ-ҵакыратә еиҿкаара аԥсахра иазкны

© Sputnik / Томас ТхайцукДавид Ардзинба
Давид Ардзинба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.07.2021
Анапаҵаҩра
Аекономикеи азини ринститут аспирант Давид Арӡынба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҳәынҭқарратә мчра асистема арманшәалара, административ-ҵакыратә еиҿкаара ашьақәгылара шибо атәы.
Хра злоу ахҭысқәа: Арӡынба административтә-ҵакыратә еиҿкаара аԥсахра иазкны

Аҳәынҭқарратә мчра асистема арманшәалара, административ-ҵакыратә еиҿкаара аиҭашьақәыргылара – иарбан мҩақәоу ари аус иазалхтәу? Егьырҭ аҳәынҭқаррақәа ирыҿҳарԥшуазар, изеиԥшроузеи аҭҵаарақәа иаадырԥшуа асахьа. Араионқәа рхадарақәа, аӡбарҭақәа, апрокуратурақәа рхыԥхьаӡареи рхаҭабзиареи реиҿырԥшра, иаҳҭахума асҟатәи аҳәынҭкарра ныҟәгатәыс иамоу аҭыԥқәа? Абарҭи егьырҭ азҵаарақәеи арадио Sputnik Аԥсны аҟны дрылацәажәеит Аекономикеи азини ринститут аспирант Давид Арӡынба.

"Иахьа Аԥсны даара акрызҵазкуа зҵаараны иқәгылоуп аҳәынҭқарратә мчрақәа рсистема аԥсахра, аусура алҵшәа ашьҭыхра уҳәа. Ари азҵаара иалацәажәоит аполитикцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, аекспертцәа. Атема актуалра ахьамоу аҟынтә ииасыз ашықәс азы аҭҵаара мҩаԥаагеит, астатиа ҳкьыԥхьит. Уи аҟны ауаа идҳарбар ҳҭахын ацифрақәа ааганы, аҳәынҭқарратә система аныҟәгара шаҟа иркуа, егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟны ас еиԥш асистема шыҟоу, аусура алҵшәа зеиԥшроу. Ҳара ҳаҭҵаараҟны Аԥсны иқәынхо ауаа рхыԥхьаӡара ҳасаб азуны иҳаԥхьаӡеит ҳара хҟны иҟоу администрациақәеи, аӡбарҭақәеи, апрокуратурақәеи рхыԥхьаӡара рацәоуп ҳәа. Ҳгәаанагара арӷәӷәаразы аиҿырԥшрақәа ҟаҳҵеит егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟны ишыҟоу азгәаҭаны", - иҳәеит Арӡынба.

Иаҳа инеиҵыху аицәажәара аудиофаил аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0