Sputnik амчыбжь: COVID-19 азы аҭагылазаашьа, амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа

© Foto / МЧС Абхазии Последствия стихии в питомнике
Последствия стихии в питомнике  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.07.2021
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik абжьааԥнеиԥш иазнархиеит иҳаҩсыз амчыбжь - ԥхынгәы 4 -11 рыҩнуҵҟа иҟалаз ахҭысқәа реизга.

Иҳаҩсыз амчыбжь азы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ахьыцәгьахаз иахҟьаны ҳтәылаҿы иалагалан аковидҿагыларатә ԥкрақәа, илеиз ақәаршыҩи иасуаз аԥшацәгьеи рыхҟьаԥҟьақәа раԥыхразы аусурақәа цоит, аклассикатә музыка аконцерти еиуеиԥшым аспорттә хәмаррақәеи мҩаԥган.

Sputnik

COVID-19 аҭагылазаашьа

Аԥсны ачымазараҿкы аҽарцәгьеит, ԥхынгәы 5 инаркны 10 рҟынӡа акоронавирус зцәа иалаз 1035-ҩык аарԥшын, аепидемиа аамҭазы аҿкы зыхьхьоу рхыԥхьаӡара 19 нызқьҩык рҟынӡа инаӡарц ак агым. Ари амчыбжь иалагаӡаны ҳтәыла ахәшәтәырҭақәа рҟны рыԥсҭазаара иалҵит 14-ҩык, урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп 49 шықәса зхыҵуаз апациентка.

Вакцинация от коронавируса в Казахстане - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.07.2021
Бжьаниа Аԥсныҟа COVID-19 аҟынтәи алаҵа аҩбатәи апартиа ааргар аналшо иҳәеит

Ԥхынгәы 5 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иалеигалаз аԥкрақәа инарықәыршәаны, 2021 шықәса ԥхынгәы 5 инаркны ачарақәеи, агәырӷьаратәи аныҳәатәи усмҩаԥгатәқәа, аиныхрақәеи, ауаа рацәа злахәу егьырҭ аусмҩаԥгатәқәеи иарку ауаажәларратә крыфара-чара ахыбрақәа рҿы рымҩаԥгара ҟалом.

Агәырӷьаратәи аныҳәатәи усмҩаԥгатәқәа, аиныхрақәа, ақьафурҭақәеи, абанкеттә залқәеи, егьырҭ ауаажәларратә крыфара-чара ахыбрақәеи рҿы ауаа рацәа злахәу аусмҩаԥгатәқәа, иара убас аусутә, аспорттә, агәмырҿыӷьратә уҳәа егьырҭ аусмҩаԥгатәқәа асанитартә нормақәа ирықәныҟәаны рымҩаԥгаразы Аԥсны азин ҟарҵеит лаҵара 13 рзы. Аха рашәарамза аҽеиҩшамҭазы акоронавирус зыхьуа ауаа рхыԥхьаӡара иацло иалагеит, ахәшәтәырҭақәа ирыдҵаало ачымазцәа ирызҳаит.

Аслан Бжьаниа иалеигалаз аԥкрақәа рнаҩс, Аԥсны акультура аминистр Гәдиса Агрба Иусԥҟала, акультура аминистрра иаҵанакуа акультуратә усбарҭақәа русура аанкылахоит ԥхынгәы 12 инаркны.

Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аиҳабы Иракли Хынҭәба атеатрқәа раркразы иалагалоу аковидҿагыларатә ԥкрақәа ахҳәаа риҭеит. Иара иазгәеиҭеит, акультуратә усҳәарҭақәа рҟны шакәу "асанитартә ԥҟарақәа зегьы иахьрықәныҟәо".

Уи аамҭан "Спутник V" актәи акомпонент ала алаҵаҟаҵаразы аҽҭаҩра аанкылоуп Аҟәа. Аԥсныҟа иааргаз алаҵа "Спутник V" актәи апартиа 6,5 нызқь доза ыҟан, дозацыԥхьаӡа ҩ-компонентк рыла ишьақәгылоуп. Ари ахыԥхьаӡараҟынтәи 2995 цыра Аҟәа ирзыҟарҵеит, аҩбатәи акомпонент ҟарҵарц азы даҽа мызкы аҟара аҭаххоит.

Аҳҭнықалақь Агәабзиарахьчара аусбарҭа аиҳабы иазгәалҭеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра урыстәылатәи рколлегацәа ишрыдҵаалаз "Спутник V" аҩбатәи апартиа арахь иаарышьҭырц азы. Ари азҵаара уажәазы аӡбара иаҿуп лҳәеит лара. 

Эдуард Бутба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.07.2021
"Иаҳҳәо шәшәырҳа!": Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит

Ԥхынгәы 9 рзы  Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит. 

"Ҳара ҳауаажәлар ҳацхраароуп, ҳхала иҳалшо маҷуп. Ҳаилышәкаа. Ахәшәтәырҭақәа рахь инанаго иалагеит аҿарацәагьы, зырԥҳақәа 75% ачымазара рылаҽхьоу, уи даара ишәарҭоуп. Иаҳҳәо шәшәырҳа! Шәхы шәеиҷаҳа, асанитартә ԥҟарақәа шәрықәныҟәала", - иҳәеит Быҭәба. 

Агәабзиарахьчара аминистр иара убас инаҵшьны иазгәеиҭеит акоронавирус ахәыҷқәагьы лассы-лассы ирыдырбало ишалагаз. Аҟәа актәи аполиклиникаҿы иаадыртраны иҟоуп аобсервациатә ҟәша. Аҳҭнықалақь ахәыҷтәы поликлиникаҿы ҽнак ала 50-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа рыдыркылоит. Уааҵәҟьа ПЦР-тестқәа мҩаԥыргоит, иаҭаххар, Синоп иҟоу амбулатортә центр ахь ирышьҭуеит ахәшәқәа рыларҵарц азы, инарҭбаау ацхыраара зҭаху ахәыҷы аҟәатәи актәи аполиклиникахь дрышьҭлоит иҳәеит Едуард Быҭәба.

Ԥхынгәы 9 рзы адырра ҟалеит Адыгеиатәи ареспублика уаанӡатәи ахада, амеценат Ҳазреҭ Совмен Аԥсны 50 миллион мааҭ ҳамҭас иазааишьҭит акоронавирустә инфекциа аҿагыларази азинхьчаратә усбарҭақәа рыцхраарази ҳәа.

Аслан Бжьаниа Адыгеиа уаанӡатәи ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аԥсны есымша иазыҟаиҵо адгыларазы, иааирԥшуа агәыҳалалразы.

Ҳазреҭ Совмен Аԥсныҟа ацхыраара ҟаиҵоижьҭеи акрааҵуеит, ҵыԥх абҵарамзазгьы иара иааишьҭит 50 миллион мааҭ.

Ари амчыбжь азы Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы аусура иаладыргеит аамҭала аус зымуаз акомпиутертә томограф. Раԥхьа инаргыланы аппарат ала агәаҭара иахрыжьит астационар аҟны зҽызыхәшәтәуа ачымазаҩцәа.

Амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа

Аԥшатлакәи ақәаршыҩи Аԥсны зегьы иахысит ԥхынгәы 4 рзы. Уи иахҟьаны атәыла аиҳарак аԥхасҭа аиуит - аҵлақәа каҳаит, афымцацәаҳәақәа ԥыҵәҵәеит, ауаажәларратә транспорти амашьынақәеи рныҟәара аанкылан.

Сильный ветер в Сухуме повалил деревья и снес крыши домов  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2021
Аҩнқәа хыбдеи лашарадеи иаанхеит: араионқәа рхадацәа аԥшатлакә ахҟьаԥҟьақәа ирзааҭгылеит

Амшцәгьа иҟанаҵаз аԥхасҭа аԥыхразы аусурақәа иаразнак ирылагеит, аха аусутә рацәан, аамҭа аҭаххеит ауааԥсыра фымцалашаралеи ӡылеи реиқәыршәаразы. Ааха зауз аҩнқәа рхыбрақәа аиҭашьақәыргыларазы шаҟа аамҭа аҭаххо макьаназы еилкаам, уажәазы ашәҟәқәа реидкылара иаҿуп.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа атәыла араионқәа рхадацәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит. Араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа Ахада иизеиҭарҳәеит рраионқәа рҟны амшцәгьа иҟанаҵаз аԥхасҭа атәы.

Аҟәа ақалақь ахадараҟны иаԥҵаз аоператитә штаб изныкымкәа аилатәара мҩаԥыргеит, ирҳәеит ааха зауз зегьы ацхыраара шрыҭахо.

Амшын иаанахәаз

Арҭ амшқәа рзы ирацәоуп амшын аҟны иҟалаз арыцҳарақәа. Ԥхынгәы 6 рзы Гагра зыԥсы зшьоз аԥҳәыс хҩык лхәыҷқәеи лареи амшын иаанахәеит. Аԥхәыс лыԥшаара иаҿуп. Даҽа ԥсшьаҩык Гагра амшынеисра бааԥс иахҟьаны аӡы дагеит ԥхынгәы 5 рзы. Уи аԥхьа аиқәырхаҩцәа иаарыцҳаит аӡиас Кьалашәыр амшын иахьалало аҭыԥ аҟны зхаҭара шьақәыргылам ахаҵа аӡы дагеит ҳәа. Ԥхынгәы 4 рзы иара убас ауаа рыла ишабоз дӡааҟәрылеит 1979 шықәса рзы ииз Саратовынтәи ԥсшьара иааз Павел Даньков. Ԥхынгәы 5, ашьыжь Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭаҿы Аԥсны атәылауаҩ Баҭал Оҭырба ацҳаҟынтәи аӡиас далаҳан, аӡы дагеит, уи иеиқәырхара рылымшеит. 

Арҭ ахҭсқәа рышьҭахь Аԥсны иҟоу Урстәыла ацҳаражәҳәарҭа атәыла асасцәа рахь аҳәара ҟарҵеит ацәқәырԥа бааԥс аныҟоу аҟәара иқәымларц, аҽыкәабаразы амшын иҭамларц.

Аԥсны АҶА адыррақәа рыла, 2021 шықәса аԥхын аамҭазы ашәҟәы иҭагалоуп аӡы аҟны иҟалаз жәаба рҟынӡа амашәырқәа.

Аспорттә жәабжьқәа

Ашьапылампыл азы Аԥсны еизгоу акоманда "Шәачеи" иареи реиҩызаратә хәмарра 1:0 ҳәа ихыркәшахеит. Ахәмарра мҩаԥысит ԥхынгәы 11, Аҟәа астадион "Динамо" аҿы. Ампыл амба иҭаиршәит еизгоу акоманда ажәылаҩ Алан Кәыҵниа.

Иара убас имҩаԥысит Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь игәалашәара иазку амҵәышәымпыл азы ажәабатәи Жәларбжьаратәи атурнир. Аицлабраҟны аиааира ргеит урыстәылатәи акоманда "Смена". 

Шахматы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.07.2021
Ашахматтә турнир "Аҟәа Опен - 2021" ахәыҷқәа рыхәҭа хыркәшоуп

Аиубилеитә турнир иалахәын 10 командак: черқьессктәи акоманда "Ельбрус", ""Славяне" - Ҟәыбинантәи, "Патриот" - урыстәылатәи аруаа, "Локомотив" ақалақь Гулькевич, "Старко" – Шахты, "Смена"- кропоткинатәи акоманда, "Родина" - Волгограднтәи, иара убас Аԥсни, ДЖәР, ЛЖәР еизгоу ркомандақәа. Атурнир аӡбаҩ хадас дыҟан Александр Баннико.

Аицлабрақәа еиҿыркааит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилаки, Аԥсны амҵәышәампыл азы афедерациеи, Аҟәа ақалақь ахадара рыдгыларала. Афинанстә цхыраара ҟарҵеит аҳҭнықалақь ахадара, амобилтә еимадара "А-Мобаил".

Аҟәа имҩаԥысит ашахматтә турнир "Аҟәа Опен - 2021". Атурнир мҩаԥган иахәҭоу асанитартә ԥҟарақәа ирықәныҟәаны, адәахьы. Ахәыҷқәа ртурнир иалахәын 12 шықәса рҟынӡа зхыҵуаз ақәыԥшцәа. Аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ игеит Иван Жуков Москвантәи, аӡӷабцәа рыбжьара - гәдоуҭатәи Лана Гәынԥҳа. Аҩбатәи аҭыԥ игеит аҟәатәи Богдан Турков, ахԥатәи - москватәи Георги Рискин. Аӡӷабцәа рахьтә аҩбатәи аҭыԥ лгеит гәдоуҭатәи Лиа Оҭырԥҳа, ахԥатәи – Доминика Ериомина, уигьы дыгәдоуҭатәуп.

Ԥхынгәы 11 ахәылԥаз аиҳабацәа рыбжьара аихшьалақәа ҟарҵеит.

Аԥсуа спортсмен Игор Адлеиба атитул азы иеиқәԥара ахыгоуп аҽазыҟаҵарақәа раан иоуз ааха иахҟьаны. Атитул "WBO Oriental" (Азиа ачемпион) азы Игор Адлеибеи 28 шықәса зхыҵуа Даӷьсҭантәи абоксиор Георги Челохсаеви реиқәԥара мҩаԥысыр акәын нанҳәа 7 рзы. 

"Opera Viva" Аҟәа

Жәларбжьаратәи афестиваль "Opera Viva" мҩаԥысит ԥхынгәы 9 рзы, Аҟәа.

Фестиваль Opera Viva на набережной Сухума  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.07.2021
Россини Аԥсуа драмтеатр аҿаԥхьа: афестиваль "Opera Viva" Аҟәа ишымҩаԥысыз

Аԥхьанатә афестиваль аиҿкааҩцәа аконцерт мҩаԥыргарц ргәы иҭан С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асценаҿы, аха атәылаҿы ишьақәгылаз аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахҟьаны, аконцерт уи ашҭаҿы имҩаԥыргеит.

Аконцерт аҿы аамҭак азы асцена еицықәгылан шәҩык амузыкантцәа. Апрограмма иалан Аԥсни Урыстәылеи рмузыкантцәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы: Аԥсны Аҳәынҭқарратә камертә оркестр, Аԥсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла, Адыгеиатәи Ареспублика Аҳәынҭқарратә симфониатә оркестр, Вадим Судаков ихьӡ зху Москватәи Аҳәынҭқарратә капелла ахкынагӡаҩцәа, иара убас еицырдыруа ахкынагӡаҩцәа Нана Черқьезиаԥҳа, Алхас Ферзба, Екатерина Богачева, Иулиа Почкалова, Иури Ростоцки, Владимир Казаков.

Ажәабжьқәа зегьы
0