Жәлар Реизара адепутатцәа Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура амш шьақәдырӷәӷәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукСлужба госбезопасности Абхазии
Служба госбезопасности Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аԥҵан ԥхынҷкәынмза 1992 шықәсазы.

АҞӘА, ԥхынгәы 12 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Жәлар Реизара адепутатцәа ԥхынгәы 4 Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура иамшны ишьақәдырӷәӷәеит.

Уи ныҳәатә, аха усуратә мшны иалкаауп.

Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аԥҵан ԥхынҷкәынмза 1992 шықәсазы.

Аҳәаахьчараҿы рус ҳасаб азуны, Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак ақәҵарала, Аԥсны АССР Ашәарҭадаратә маҵзура акомитет ахьӡ ԥсахын Ашәарҭадаратә маҵзура ҳәа.

Лаҵарамза 1997 шықәсазтәи Атәыла ахада Иусԥҟа инақәыршәаны Ашәарҭадаратә маҵзура Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ҳәа еиҭакын.

Ажәабжьқәа зегьы
0