Гәдиса Агрба акультуратә усбарҭақәа рганахьала аԥкрақәа ралагалара ахҳәаа аиҭеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Выставка в ЦВЗ конкурсных проектов на памятник Ардзинба
Выставка в ЦВЗ конкурсных проектов на памятник Ардзинба - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.07.2021
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 12 инаркны Аԥсны иаанкылоуп Акультура аминистрра иаҵанакуа аусбарҭақәа атәылаҿы ишьақәгылаз аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ахьеицәахаз иахҟьаны.

АҞӘА, ԥхынгәы 13 - Sputnik. Аԥсны акультура аминистр Гәдиса Агрба акультуратә усбарҭақәа русура аанкыларазы ахҳәаа ҟаиҵеит. 

"Ҳара еилаҳкаауеит ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ахьынӡашәарҭоу, иалаҳгалаз аԥкрақәа залаҳгалаз ҳауаажәлари ҳасасцәеи ргәабзиара ҳаиҷаҳауеит азоуп. Хымԥада, ҳара агәыӷра ҳамоуп иаарласны абжьааԥнытәи ҳаԥсҭазаарахь ҳхынҳәып ҳәа. Убри аан иазгәасҭоит - иалагалоу аԥкрақәа рзы ҳара зегьы аҭакԥхықәра ҳадуп", - иҳәеит аминистр.

Аминистр акультуратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит тәанчара ицахьоу русзуҩцәа ргәабзиара иацклаԥшларц, урҭ аамҭала аҩнынтәи аусура рылшартә еиԥш алшара рзыԥшаазарц.

"2021 шықәсаз ишьақәырӷәӷәоу Аусмҩаԥгатәқәа рплан инақәыршәаны, ҳара ҳарзыԥшуп афестивальқәа, аконцертқәа, "Урыстәыла - Аԥсны 2021" аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысраны иҟоу. Агәыӷра ҳамоуп урҭ зегьы мызки бжаки ирылагӡаны имҩаԥаагап ҳәа", - иҳәеит Агрба.

Ԥхынгәы 5 инаркны Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идҵала иаанкылоуп иарку ахыбрақәа рҟны ауаа рацәа злахәу аусмҩаԥгатәқәа.

Ԥхынгәы 12 инаркны акультура аминистр Гәдиса Агрба идҵала акультуратә усбарҭақәа русура аанкылоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0