Шәача Гәбаадәы узго даҽа мҩак ашьҭаҵара ргәы иҭоуп

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУчасток автомобильной дороги Джубга - Сочи (А-147).
Участок автомобильной дороги Джубга - Сочи (А-147).  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.07.2021
Анапаҵаҩра
Апроект хада инаваргыланы ргәы иҭоуп амҩаду ахыхь ашьаҟауаа рымҩа аргылареи амашьына рацәа ахьеилахо аҭыԥқәа рҿы асветофорқәа рышьақәыргылареи.

АҞӘА, ԥхынгәы 14 – Sputnik. Шәача 120 километра иҟоу амҩаду шьҭарҵарц ргәы иҭоуп Гәбаадәы (Красная поляна - аред.) узго уажәтәи амҩа ацымхәрас зхархәара алшо, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Шәача ахада Алексеи Копаигородски иажәақәа ааго. 

Иазгәаҭоуп апроект 2021 шықәса нҵәаанӡа иахәаԥшраны ишыҟоу.

"Шәача, Џьубга инаркны Аԥсны аҳәааҟынӡа ишьҭоу афедералтә мҩаҿы иҟоуп иуадаҩу хәҭақәак, уа есымша амашьынақәа еилахоит. Уажәы афедералтә ҩаӡараҟны апроект ду аус адулара иаҿуп 120 километра иреиҵам уи аҩыза даҽа мҩак ашьҭаҵаразы", - ҳәа и-Telegram аҿы ианиҵеит Копаигородски.

Ақалақь ахада иазгәеиҭеит апроект ду адагьы, ргәы ишҭоу иҵегьы аусурақәа рымҩаԥгара, иаҳҳәап, Гәбаадәы узго амҩаду ахыхь ашьаҟауаа рымҩа аргылареи амашьына рацәа ахьеилахо аҭыԥқәа рҿы асветофорқәа рышьақәыргылареи.

Ажәабжьқәа зегьы
0