Аԥсны амшын аҟәарақәа рҿы ашәарҭадара азҵаара иалацәажәеит АҶА аҿы

© Sputnik / Томас ТхайцукТуристы на набережной Гагры
Туристы на набережной Гагры  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.07.2021
Анапаҵаҩра
АҶА иҟанаҵаз адыррала, 2021 шықәсазы аԥсшьаратә сезон иалагеижьҭеи жәаҩык ауааԥсыра аӡы иагахьеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 17 - Sputnik. Аԥсны атәылауааи аԥсшьаҩцәеи амшын аҿы ршәарҭадара азҵаара иалацәажәеит АҶА аҿы атәыла ахада Аслан Бжьаниа идҵала. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура. 

Курортный сезон. Отдыхающие на пляжах Абхазии.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.07.2021
Бжьаниа амчыбжь нҵәаанӡа амшын аҟәараҿы ашәарҭадара азҵаара рыӡбарц адҵа ҟаиҵеит

Аиԥылара иалахәын Атуризм азы аминистрреи араионқәа рхадарақәеи рхаҭарнакцәа.

Ԥхынгәы 12 рзы инеиҵыху аилатәараҟны Аслан Бжьаниа "ақалақьқәеи араионқәеи, АҶА, атуризм азы аминистрра рхадацәеи, иара убас аҭакзыԥхықәу ахаҿқәеи шәеицны аҟәарақәа рҿы шәнеины, иҟоу аҭагылазаашьа гәашәҭарц шәабжьызгоит" иҳәеит.

Аԥсшьаратә сезон иалагеижьҭеи аӡқәа рҿы иҭахеит жәаҩык ауааԥсыра ҳәа адырра ҟаиҵеит АҶ аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-маиор Тигран Делибалтиан.

Иара иазгәеиҭеит арҭ амашәырқәа мзыз хадас ирымоу ашәарҭадара аԥҟарақәа рықәымныҟәара шакәу, зны-зынлагьы аҩы иашьны ианҭалогьы иахҟьоит.

Аилатәараан ҩаԥхьа ирҳәеит аҽыкәабара ахьалшо аҟәарақәа 17 рҟынтәи хәба заҵәык анормақәа ишрықәшәо. Анормативқәа ишырҳәо ала, аҽыкәабаратә ҟәараҿы иҟазароуп:

  • маругала еиқәыршәоу аиқәырхаратә ҭыԥ,
  • иазыҟаҵоу аусзуҩцәа,
  • анаԥшырҭа,
  • аиқәырхаҩцәа рнышь,
  • аҽыкәабара ахьыҟало иху аӡҳәаарбагақәа.

Иазгәаҭоуп ауаа амшын иҭалар ахьыҟало аҟәарақәа реиқәыршәара знапы иану араионтә администрациақәа шракәу, уи азы аныхрақәа хазы рбиуџьет аҿы иарбазароуп.

Аӷба маҷқәа рзы аҳәынҭқарратә инспекциа ацхыраара ҟанаҵар ауеит араионқәа рҿы иалхны ирымоу аиқәырхаҩцәа аттестациа рахыжьразы, абри атәы иҳәеит аинспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа.

Аилатәара ахыркәшамҭаз уи иалахәыз инаҵшьны иазгәарҭеит ареспубликаҿы ишаҭаху аӡқәа рҟны ашәарҭадара аиқәыршәаразы ахықәкытә программа аиқәыршәареи аусура аларгареи, иара убас араионтә хадарақәеи атуристтә бзинес ахаҭарнакцәеи еиҳа ибзианы реимадара шалыршатәу.

Ажәабжьқәа зегьы
0