Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба атәыла ахада иусбарҭаҿы имҩаԥысыз аилатәараҟны ажәалагала ҟаиҵеит иназыцҵоу аԥкрақәа ирыдҳәаланы. Асиа ианылаз ажәалагалақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аџьармыкьа аусура аԥкра.
Аџьармыкьа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Роман Џьугьелиа иажәақәа рыла, есшьыжьы аџьармыкьа аусзуҩцәа ршоура гәарҭоит, асабрадақәа рныҟәгара ихымԥадатәиу дҵаны иҟоуп. Мчыбжьык ахь знык ашәахьала аџьармыкьаҟны арзҩыдаратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргоит.
"Ажәлар рҟынтәи ак аазхәо ҳәа иааиуа ишҳалшо ираҳҳәоит асабрада ныҟәыргарц. Ирацәаҩуп ахәшә ҟаҳҵахьеит ҳәа ҳазҳәо… Ҳара иҳадырҵо, хымԥада, ҳацныҟәоит. Ауаҩы игәабзиара ԥырхага амҭакәа ихгьы ныҟәигартә еиԥш џьара ҳазкылсырц ҳамч ҳаигӡом, ус еиԥш аамҭа цәгьа ҳанҭагыла иахьатәи аамҭазы", - иҳәеит Џьугьелиа.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: