"Сыеҵәахә кыдуп, сызҭаху, исҭаху рыеҵәахә кыдуп": аеҵәақәа рҵакы аԥсуаа рҿы

CC0 / / Звездное небо
Звездное небо  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.07.2021
Анапаҵаҩра
Аеҵәақәа аԥсуаа разгәаҭарақәа рҟны ҭыԥс иааныркыло атәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.

Ирҳәоит ауаҩы даниуа ициуеит иара иеҵәахәгьы, убри аҟнытә аԥсуаа рдунеихәаԥшраҿы аеҵәа акыдшәара ауаҩы иԥсра иадыркылоит. Иаҳҳәозар, ауаҩы данырныҳәо, ражәа иалаҵаны ирҳәоит: "уеҵәахә камшәааит!" ҳәа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Аԥсуаа ишазгәарҭо ала, аӡәы аеҵәа шкыдшәо ибар, иҳәар ауп абарҭ ажәақәа: "Сыеҵәахә кыдуп, сызҭаху, исҭаху рыеҵәахә кыдуп!" ҳәа. Арҭ ажәақәа хынтә еиқәырццакны иҳәатәуп. Ас еиԥш ала иҟоу адунеихәаԥшра рымоуп адыгақәагьы. Урҭ аеҵәа ауаҩы иԥсы иаҟәырҷахоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит. Аеҵәа ажәҩан аҟынтәи икыдшәо рбар, абас рҳәоит: "Анцәа суҳәоит, аԥсҭазаара наӡа сыҭ, сыеҵәахә ажәҩан аҿы исзынкыл!" ҳәа.

Иҟоуп азгәаҭара аеҵәақәа рыԥхьаӡара ҟалом, иҵасым ҳәа – ауаҩы заҟа еҵәа иԥхьаӡаз аҟара ицәа акынҵыҵыра алнахуеит ҳәа ирыԥхьаӡоит. Раԥхьатәи ауаҩы изы аеҵәа ус баша ԥсабаратә цәырҵрамызт, уи нцәахәык аҳасабала дахәаԥшуан.

Иазгәаҭатәуп, дара аеҵәақәа рхатәы хьыӡқәа шрымоугьы, урҭ рыҟаларагьы ахатә ҳәамҭақәа рыцуп. Иҟоуп: Еҵәаџьаа, Жәгараа, Ашәуа иеҵәа, Шарԥыеҵәа, Хәылԥыеҵәа, Ахьча иеҵәа, Џьамҳасараа (хә-еҵәак ыҟоуп), Аиба лыеҵәа, Есҳаҟ иеҵәа уҳәа убас иҵегьы.

Ҿырԥштәыс иаҳгозар, амифологиатә жәабжьқәа рҟны Жәгараа асахьа ҭырхуеит абас еиԥш: ҩыџьа ажә раԥцаны ицоит, хҩык ашьҭазаацәа рышьҭоуп, лак рыцуп, Сылҭашьаҟараа (Сарҭышьаҟа) ҳәа хьӡыс измоу аеҵәа – астәы иаҿатәаны асра иаҿу илеиԥшуп.

Сыеҵәахә кыдуп: аеҵәақәа ирыдҳәалоу жәлар разгәаҭарақәак - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.01.2020
"Сыеҵәахә кыдуп": аеҵәақәа ирыдҳәалоу аԥсуа жәлар разгәаҭарақәа

Уи иазку ажәабжь абас аҳәоит: "Ажәытә аԥсуаа ирыман амш-ӷьарс ҳәа. Уажәгьы уи атрадициа змақәоу, иқәныҟәо ыҟоуп. Абри амш-ӷьарс зықәшәоз амҽышакәын. Абри амш аҽны аԥсуа нхаҩы акгьы ҟаиҵомызт, аҩны идәылганы аӡәы ак ииҭар ҵасмызт. Аҳәса ракәзар, имӡахыр акәын, имхахар акәын, имсыр акәын. Ажәакала, изакәызаалак акгьы ҟарымҵар акәын. Абри амш еилалгеит ԥсыуа ҭыԥҳак, мҽышак азы астәы даҿатәаны дысуан. Ари аԥҳәызба ас шыҟалҵоз анылба, лан знык илалҳәеит, ҩынтә илалҳәеит, нан, баҟәыҵ наҟ, иахьа мыш-ӷьарсуп, астәы баҿатәар ҵасым, Анцәа баҭаимҵааит лҳәеит, аха аԥҳа илымуит.
Аԥҳа асра данаҟәымҵ, ан лгәы ааԥжәан, адоуҳа ҟалҵеит: "Аиҳабра, аиҵыбра зшаз дсыман суҳәоит, бшанан ажәҩан бкыдхалааит. Бызбо шәаны бџьаршьауа, бымҩашьауа, бызбо, быздыруа, ибыцәшәаны амш ршьо, амшшьара еиларымго. Абас Анцәа исырба!" – ҳәа. Ан абас адоуҳа иҟалҵаз лара ишылҳәаз иагьыҟалеит. Абри иахҟьаноуп аеҵәа Сарҭышьаҟа ҳәа изашьҭоу", - аҳәоит ари ажәабжь.

Абасала, аԥсуаа аеҵәақәа аҵак ду рыҭаны ирыхәаԥшуан, рынхашәа-нҵышәа иадырҳәалон. Ага иҟа, ашьха иҟа, аеҵәа ажәҩан ишкыду ала амҩақәа рхырҭақәа еилыркаауан, амш зеиԥшрахоз алагәарҭон.

Иахьагьы иҟоуп аиҳабацәа аеҵәақәа ирызку адыррақәа здыруа, урҭ ирыдҳәалоу азгәаҭарақәа азхазҵо.

Ажәабжьқәа зегьы
0