АҞӘА, ԥхынгәы 21 - Sputnik. Шәача анапхгара ирыгәҭакуп Урыстәылантә Аԥсныҟа иалало аекскурсиатә автобусқәа рныҟәара аграфик аус адулара, аҳәааҿы агәаран аԥыхразы. Абри атәы Telegram-канал аҿы иҩуеит Шәача ахада Алексеи Копаигородски.
Аҭагылазаашьа уадаҩуп асааҭ 06:00 - 09:00 рзы. Усҟан ауп аиҳарак автобусқәа аҳәаа ианахысуа.
Шәача ахадара атранспорти амҩатә ныҟәареи Рдепартамент анапхгара рнапы ианҵоуп Росавтодором рыцырхырааны амҩатә ныҟәара асхема аоптимизациазы ажәалагалақәа разырхиара.
Арахь иаҵанакуеит аинформациатә стендқәа, амҩатә елементқәа, автобусқәа ргәаран иахьазыԥшыша аҭыԥқәа реиҿкаара.
Иазгәаҭоуп аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы асанитартә уадақәеи ашәшьыратә ҭыԥқәеи реизырҳара шаҭаху ауаа амра ицәымгыларц азы.
Уи адагьы Алексеи Копаигородски иҳәеит автомабилтәи ашьаҟатәи аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рреконструкциа мацара шакәу апроблема аӡбра алзыршо. Аиҭеиҿкааратә проект нашьҭуп Аҳәынҭекспертизахь.