АҞӘА, ԥхынгәы 21 - Sputnik. Урыстәыла акоронавирус змоу ф-миллионк иреиҳахеит ҳәа аҩуеит РИА Новости аоперативтә штаб адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла иаарԥшуп авирус зцәа иалоу 23 770-ҩык, апандемиа аамҭа иалагӡаны — 6 006 536-ҩык. 149 922 пациент рыԥсҭазаара иалҵит, 5 382 213-ҩык ргәы бзиахеит.
Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла ашәҟәы иҭагалоуп 24 633 COVID-19 хҭыс. Уажәы ачымазара алаҟәра иаҿуп — 0,41 аҟынтә 0,4 процент аҟынӡа. Рыԥсҭазаара иалҵит 787-ҩык, ахәышәтәырҭа илҩаауп— 22 218.
Ахҭыс ҿыцқәа азгәаҭоуп атәыла 85 тәылаҿацә рҿы. Зегь раасҭа ирацәоуп Москва — 3188, Подмосковие — 2478, Санкт-Петербург — 1934, Нижегородтәи аобласт — 527, Свердловсктәи атәылаҿацә — 491, Красноиарсктәи атәылаҿацә— 490, Воронежтәи аобласт — 465, Пермсктәи атәылаҿацә — 405, Ҟрым — 402. Чукотка— 8, Ненецктәи автономтә округ –13.
ВОЗ адыррақәа рыла аҭагылазаашьа уадаҩуп: ЕАА, Индиа, Бразилиа, Урыстәыла.