Аҳәаақәа, адизаин, ақәиҭымтәрақәа: Аҟәа ақалақьргыларазы ахеилак аусура хацнаркит

© Sputnik / Марианна КубраваАдминистрация города Сухум
Администрация города Сухум - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.07.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь ахадараҿы аус зуаз ақалақьргыларазы ахеилак аусура аанкылан апандемиа ишаалагаз. Ахәаша ԥхынгәы 23 рзы уи аилатәара мҩаԥысит.

АҞӘА, ԥхынгәы 25 – Sputnik. Аҳҭнықалақь аҿы аргыларатә усурақәа, аиҭашьақәыргыларақәа, ҿыц идыргыло ахыбрақәа реихагыларацәара, иара убас аҭоурыхтә ҵакы змоу ақалақь ахәҭа аҳәаақәа рышьақәыргылара иазкын ақалақьргыларазы ахеилак аилатәара, абри атәы аанацҳауеит Аҟәа ахадара апресс-маҵзура.

Выставка Архитектура города. Проекты. Идеи. Перспективы - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.04.2021
Ажәытә қалақьқәеи аидеиа ҿыцқәеи: Аҟәа иаатит архитекторцәа рцәыргақәҵа

Аҳҭнықалақь архитектор хада Светлана Шаменкова лколлегацәа ирзеиҭалҳәеит акоронавирус азы апандемиа иахьмырԥшкәа ақалақь аҿы аргыларақәеи апроектқәа рыҟаҵареи ишаҿу. Лара лажәақәа рыла, аҳҭнықалақь аҿы аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы идыргыло ахыбрақәа еиҳа-еиҳа иҳаракхо иалагеит, уи азы иахәҭоуп аихагылақәа шаҟа ҟалаша азԥхьагәазҭо ԥҟарақәак ралагалара.

Аилатәара иалахәыз иара убас иазааҭгылеит Аҟәа аҭоурыхтә хәҭа аҳәаақәа рышьақәыргылара шаҭаху. Уи адагьы иаԥҵатәуп ақалақь иаку архитектуратә хаҿра аиқәырхара алзыршо адизаин-код.

"Ари иаанаго ақалақь уахьалоу укәша-мыкәша иубо зегьы ауп - акиоскқәа инадыркны, ахыбрақәа рҟны акыдҩыларақәа, аӡыргарақәа, арԥшӡагақәа уҳәа зегьы. Абри зегьы ақалақь ахаҿра ааныԥшуеит. Адизаин-код шаҟа инарҭбааны иаԥаҳҵо иабзоураны ақалақь иқәынхои, уи асасцәеи, ачынуааи зегьы уи ақәныҟәара рзымариахоит", - лҳәеит Шаменкова.

Аҳҭнықалақь амҩақәа рҟны амашьынақәа реивҵахара аԥыхразы Архитекторцәа реидгыла ахантәаҩы Ҭеимураз Занҭариа ажәалагала ҟаиҵеит амашьынақәа рацәаны иахьиасуа даҽа қалақьк ахь узго, иара убас Аҟәа аҩнуҵҟа иаҳа ахархәара змоу амҩақәа рҿы аргыларақәа ирықәиҭырымтәларц.

Ажәабжьқәа зегьы
0