"Ҳцәаӷәап - ҳрашәап, ҳрашәап - ҳцәаӷәап": анхаҩы дызҟаҭәар зылшо аԥсаатәқәа

CC0 / / Кукушка
Кукушка - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.07.2021
Анапаҵаҩра
Анхаҩы дманшәалахарц, иҽаҩра иԥыларц иҽызцәихьчоз аԥсаатәқәа ртәы шәаԥхьарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.

Аԥхаррақәа аныҟалалак, анхаҩы адгьыл аус адулара иҽаназикуа аамҭа ицәырнагоит ажәлар разхаҵарақәеи разгәаҭарақәеи жәпакы. Урҭ азхаҵарақәа хықәкыла ауаҩы ацәгьа иацәыхьчара, имоу аманшәалара, амарымажара реиқәырхара, реихаҳароуп изызку.

Традиционная пахота в с.Бармыш - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.04.2020
"Илауҵо ауп иааурыхуа": ахандеира иадҳәалоу аԥсуа жәлар ражәаԥҟақәа

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Ааԥын, аԥсабара зегьы анҿыхо, аԥсаатә амра шәахәақәа иреигәырӷьаны рашәа хаақәа анцәырырго, аԥсуаа шьыжьымҭан џьара усура ҳәа ианааҵыҵуаз, еиҳарак адгьыл иқәаарыхырц, амхы иҭаларц ргәы ианҭарк, "какалк мкыкәа", даҽакала иуҳәозар, "ҿаҵак ымфакәа" ицомызт.

Ауаҩы акрыфа, имч ҭаны, игәы алаҟаны аусура иҽаназикуа еиӷьу ыҟам. Ацәгьа ухьыԥшӡом, иара унапы злаукыз аусгьы иаҳа иуцааиуеит.

Шьыжьнаҵы акрыфара ргәы ианаҭахӡамыз, хыхьчага ҳасабала аусура рнапы аларкаанӡа аџьыкхыш маҷк нарыхәларыԥсон, зынӡа рыца ак ҭамкәа иҟамларц азы. Аԥсуаа иазгәарҭоит, анхаҩы ҿмырҵысы (акрымфакәа) ааԥын имхы данҭала, зыбжьы иаҳаз аԥсаатә даҟаҭәоит ҳәа (азгә: "аҟаҭәара" - одоление птицы).

Аҵарақәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2019
Анҷакәынҷа: аԥсаатәқәа рынцәахәи аҵыс бызшәеи

Ҿмырҵысы ажәҵыс аҷырҷырбжьы уаҳар – ахьара, ахш ԥхасҭахалоит (иҵәыҵәлоит) рҳәоит. Амалаӷәыри аҟармаҵыси рышәаҳәабжь уаҳар – унасыԥ дыркьаҿуеит. Убри аҟнытә, ааԥын рҽырцәырыхьчон абарҭ аԥсаатәқәа: акәыкәу, ажәҵыс, ашамыхьажь, амалаӷәыр, аҟармаҵыс…

Акәыкәу

Акәыкәу ршьуам, еишәарыцом. Аԥсуаа рҟны иҟоуп азхаҵара "ҿмырҵысы акәыкәу абжьы заҳаз даҟаҭәоит, иҽаҩра беиахом" ҳәа. Акәыкәу аҿыҭра ианалаго (инықәырԥшшәа мшаԥымзазы) аӡәырҩы анхацәа ахлафаауеит: "Ҳцәаӷәап - ҳрашәап, ҳрашәап - ҳцәаӷәап!" - аҳәоит ҳәа. Акәыкәу аҿыҭра ианаҟәыҵлак – лаҵараамҭам. Илауҵогьы ҟалом.

Уамашәа иубаша, ари аԥсаатә хәыҷы ахьӡ аџьа, адгьыл ақәаарыхра аамҭа ишадҳәалоугьы, ахыргәаҟра ацәымӷуп. Егьырҭ аԥсаатәқәа реиԥш аҭра ҟанаҵом. Акәыкәу аҟара иаашьо, зыхшара змааӡо "имцәаӷәои имрашәои" ԥсаатә ыҟам.

Стая береговых ласточек возле своих гнезд на берегу водохранилища Новосибирской ГЭС. - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.11.2020
Ажәҵыс ахьнеиуа амшра иатәуп: аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи ирыхҳәаау жәлар разгәаҭарақәа

Ашамыхьажь

Ашамыхьажь иамоуп даҽа хьӡык, уи "абжьоубжьыкь" ауп. Ԥсаатә ӷроуп, аԥыц ҵәызуп, иаҩцамкәа иқәырхәоуп. Аԥҷаҷар харгьежьаауп, еиларгыланы ахы иқәгылоуп. Ашамыхьажь зымшьҭа цәгьоу ԥсаатәны иахәаԥшуеит. Ашҭа инҭаԥырны аҩны азааигәара махәык инықәтәар, рыцҳашьарада иԥхадырсуан.

Амалаӷәыр

Амалаӷәыр аиаҵәареи аҩеижьреи еимазкуа ԥштәуп иамоу. Даараӡа ҵыс ԥшӡоуп, амала ишымышьҭацәгьоу ҳәатәуп. Ауаҩы иитәу ҟәыхк - амаҭәа ҽыҭк, мамзаргьы ахцәы аԥыц иаҿыҵакны иагар, аманшәаламрақәа ичычоит, илаиҵазгьы иԥылом.

Ажәытәан аҽаҩра бзиа ззаамрыхыз "амалаӷәыр уаҟаҭәеит" ҳәа ихыччауан.

Ажәабжьқәа зегьы
0