https://sputnik-abkhazia.info/20210807/Arenia-Oar-Lakrba-izy-dyaa-dsyvagylan-abziaragy-gyksykala-isytseiishon-1032988777.html
Арџьениа Оҭар Лакрба изы: дыӷәӷәаӡа дсывагылан, абзиарагьы гәыкԥсыкала исыцеиҩишон
Арџьениа Оҭар Лакрба изы: дыӷәӷәаӡа дсывагылан, абзиарагьы гәыкԥсыкала исыцеиҩишон
Sputnik Аҧсны
Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Енвер Арџьениа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит шықәсырацәа аус ицызуаз, аиҩызара ицныҟәызгоз Оҭар Лакрба иҟам аамҭала ихцәажәара... 07.08.2021, Sputnik Аҧсны
2021-08-07T11:20+0300
2021-08-07T11:20+0300
2021-08-07T11:38+0300
аԥсны
арадио
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101843/14/1018431434_0:0:1921:1080_1920x0_80_0_0_f8384ddd975385e345a4edeb939c2fa5.jpg
Арџьениа Оҭар Лакрба изы: дыӷәӷәаӡа дсывагылан, абзиарагьы гәыкԥсыкала исыцеиҩишон
Sputnik Аҧсны
Арџьениа Оҭар Лакрба изы: дыӷәӷәаӡа дсывагылан, абзиарагьы гәыкԥсыкала исыцеиҩишон
Иахьа иҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Оҭар Лакрба. 63 шықәса дышҭагылаз иара иԥсҭазаара далҵит акоронавирустә чымазараҿкы анихьыз ашьҭахь.Оҭар Лакрба Аԥсуа телехәаԥшраҟны аус иуан 30 шықәса инеиҳаны, "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз ажурналист" ҳәа ахьӡ ихҵоуп, "Ахьӡ-Аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара ианашьоуп."Даара цәыӡ дууп ҳара ҳзы, аколлектив азы, иааидкылан ҳауаажәларразы. Сара уи аҩыза сазыԥшӡамызт, издыруан ахәышәтәырҭаҿы дшышьҭаз, хаҭала ҭелла знык-ҩынтә сыҽимаздеит, уамакгьы ацәажәара илшаӡомызт, аха ҳақәгәыӷуан деиқәхап ҳәа", - иҳәеит Арџьениа.Енвер Арџьениа еиҭеиҳәеит ҷыдала иҩыза иҟазшьақәа иаҳа иаликаауаз."Оҭар ауниверситет данҭаз аахыс дыздыруан. Иара уцәгьараҿгьы дыӷәӷәаӡа дувагылан, абзиарагьы гәыкԥсыкала исыцеиҩишон. Сҩыза иакәын… Иара игәы иҭаз ианакәзаалакгьы иҿы иаирҳәон, аҟама еиԥш днаҳәы-ааҳәо дыҟамызт, ҷыдала убри азы пату иқәысҵон", - ҳәа иҳәеит Арџьениа.
https://sputnik-abkhazia.info/20210805/Isazaara-dalit-Asny-zasaztyz-azhurnalist-Oar-Lakrba-1032982639.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101843/14/1018431434_99:0:1808:1282_1920x0_80_0_0_079237634766e052af1e43f09b29c7bb.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны
Арџьениа Оҭар Лакрба изы: дыӷәӷәаӡа дсывагылан, абзиарагьы гәыкԥсыкала исыцеиҩишон
11:20 07.08.2021 (ирҿыцуп: 11:38 07.08.2021) Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Енвер Арџьениа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит шықәсырацәа аус ицызуаз, аиҩызара ицныҟәызгоз Оҭар Лакрба иҟам аамҭала ихцәажәара шицәыуадаҩу.
Иахьа иҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Оҭар Лакрба. 63 шықәса дышҭагылаз иара иԥсҭазаара далҵит акоронавирустә чымазараҿкы анихьыз ашьҭахь.
Оҭар Лакрба Аԥсуа телехәаԥшраҟны аус иуан 30 шықәса инеиҳаны, "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз ажурналист" ҳәа ахьӡ ихҵоуп, "Ахьӡ-Аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара ианашьоуп.
"Даара цәыӡ дууп ҳара ҳзы, аколлектив азы, иааидкылан ҳауаажәларразы. Сара уи аҩыза сазыԥшӡамызт, издыруан ахәышәтәырҭаҿы дшышьҭаз, хаҭала ҭелла знык-ҩынтә сыҽимаздеит, уамакгьы ацәажәара илшаӡомызт, аха ҳақәгәыӷуан деиқәхап ҳәа", - иҳәеит Арџьениа.
Енвер Арџьениа еиҭеиҳәеит ҷыдала иҩыза иҟазшьақәа иаҳа иаликаауаз.
"Оҭар ауниверситет данҭаз аахыс дыздыруан. Иара уцәгьараҿгьы дыӷәӷәаӡа дувагылан, абзиарагьы гәыкԥсыкала исыцеиҩишон. Сҩыза иакәын… Иара игәы иҭаз ианакәзаалакгьы иҿы иаирҳәон, аҟама еиԥш днаҳәы-ааҳәо дыҟамызт, ҷыдала убри азы пату иқәысҵон", - ҳәа иҳәеит Арџьениа.