Цхьынвал имҩаԥысит ҩ-ҳәынҭқаррак рхадацәа Бжьаниеи Бибилови реиԥылара

© SputnikАслан Бжания и Анатолий Бибилов
Аслан Бжания и Анатолий Бибилов  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.08.2021
Анапаҵаҩра
Абыржәтәи аамҭазы аԥсуа делегациеи Аахыҵ Уаԥстәыла анапхгареи инеиҵыху реиԥылара амҩаԥысра иаҿуп.
АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхадацәа Аслан Бжьаниеи Анатоли Бабилови реиԥылара мҩаԥысит Цхьынвал, абри атәы аанацҳауеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла.
Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла даҭааит 2008 шықәсатәи ахҭысқәа 13 шықәса рхыҵра иазкны имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа рылахәхаразы. Анатоли Бибилов асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, иазгәеиҭеит ҳажәларқәа реиҩызара ашәышықәсақәа иргәылган ишаарго.
"Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ҳреспублика шәахьаҭааз ақырҭуа ампыҵахалаҩцәа ҳтәыла ианақәлаз амш азгәаҭара аламҭалаз. Ари ихлымӡааху амш аҽны ҳҩызцәа адгылара ахьҳашәҭо акыр иаԥсоуп", - иҳәеит Бибилов.
Бжьаниа иазгәеиҭеит, ҳажәларқәа знысыз рлахьынҵамҩа акыр ишеиԥшу, убри аҟнытә арахь дмаар шамуаз.
Бибилов иажәақәа рыла, аԥснытәи иколлегеи иареи наҟ-наҟтәи русеицура азҵаарақәа ирылацәажәараны ишыҟоу, аекономикатә еиныррақәагьы убрахь иналаҵаны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәылаҟа днеит
Бжьаниа ашәҭқәа шьҭеиҵеит Цхьынвал ашкол №5 ашҭаҿы игылоу амемориал аҿы
Ажәабжьқәа зегьы
0