Бжьаниа: аинвестор Урыстәыла имоу аԥыжәарақәа рҩызцәа Аԥсынгьы иоулоит

© Foto / пресс-служба Президента Республики Абхазия Интервью Аслана Бжания
Интервью Аслана Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.08.2021
Анапаҵаҩра
Аслан Бжьаниа мышқәак раԥхьа Москва усутә ныҟәарыла даныҟаз РБК Плюс ажурналист Викториа Гилварг лызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.
АҞӘА, нанҳәа 8 - Sputnik. Аԥсуа закәанԥҵара еиҭаркуеит урыстәылатәи аинвестор итәылаҿы имоу аԥыжәарақәа реиԥш Аԥсынгьы иоуларц азы, абри атәы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иҳәеит РБК Плюс аинтервиу анеиҭоз.
Вице-президент Бадри Гунба провел заседание рабочей группы по экономике  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.04.2021
Аԥсны ахада Иусбарҭаҿы аинвестициақәа радԥхьалара азҵаара иалацәажәеит
"Ҳара ҳзакәанԥҵара ҳаԥсахуеит Аԥсны аекономика аԥара алазгало урыстәылатәи аинвестор Урыстәыла имоу аԥыжәарақәа иоуларц аҟаҵаразы", - ҳәа азгәеиҭеит Бжьаниа. 
Иара иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи аамҭазы аинвесторцәа Аԥсны еиҳа иазҿлымҳахо иалагеит атуристтә усхк аҟны мацара акәым, ақыҭанхамҩаҿгьы, еиҳаракгьы асубтропикатә культурақәа рааӡараҿы.
Бжьаниа иара убасгьы иҳәеит Марокко ацитрустә шәырқәа ааӡаны Урыстәыла иалазгало жәларбжьаратәи аилахәыреи Аԥсни аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵарц ргәы ишҭоу. 
Аԥсны ахада иара убас иҳәеит хаҭалатәи анаплакраҿы аԥырхагақәа раԥыхра ишаҿу, аҳәынҭқарра аганахьала анапхгара еиҳа арԥсыҽра ргәы ишҭоу. 
Президент Абхазии Аслан Бжания посетил сегодня место строящегося крупного туристического объекта в селе Тамыш - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.01.2021
Бжьаниа Тамшь атуробиект агәаҭараан: аинвесторцәа аҭагылазаашьа бзиақәа рзаԥаҳҵоит
Бжьаниа инаҵшьны иазгәеиҭеит сынтәа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара ишацлаз, уи азы Аԥсны иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара ишашьҭоу. Иара иажәақәа рыла, иааиуа шықәсқәак рыҩнуҵҟа урыстәылатәи агани ҳареи ҳусеицура иалҵшәаны аҳәааҿы агәаранқәа маҷхартә аҟаҵара рылдыршар шакәу. 
Атуристтә усхк аҿиара иаԥырхагоу ҳәа ииԥхьаӡо Урыстәылеи Аԥсни амшынтәи аҳаиртәи еимадарақәа ахьрыбжьам ауп иҳәеит Бжьаниа. Иара иазгәеиҭеит арҭ азҵаарақәа Урыстәыла ахадараҿы ишрылацәажәахьоу, атәыла ахада Владимир Путин изыхәҭоу аусбарҭақәа адҵақәа шриҭахьоу. 
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аиҳабыра ақәшаҳаҭхеит Кындыӷ аԥсшьарҭатә база аргылараз адгьыл аҭара
Ажәабжьқәа зегьы
0