00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
Сезон пикников
14:56
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:34
13 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:34
13 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Амҩақьыра ахә: ирԥеиԥшхозеи ауаажәларратә транспорт атарифқәа

© Sputnik / Томас ТхайцукОбщественный транспорт
Общественный транспорт  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.08.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аиҳабыра рыӡбарала 2021 шықәса нанҳәа 5 инаркны абылтәы АИ-92, адизельтә былтәы рыхәԥса 51 мааҭ литрак аԥсахоит иааидкылан аахәараан, хаз-хазы аахәараан 53 мааҭ литрак азы.
АҞӘА, нанҳәа 10 – Sputnik. Абылтәы ахә ианацло ауаажәларратә транспорт ахәгьы иацлоит, аха уи еснагь ццакрыла аҟаҵара аҭахым ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Аҟәатәи автотранспорттә наплакы аиҳабы Леонид Шәлымба.
Заседание в Кабмине  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.08.2021
Аԥсны аминистрцәа реилазаара абылтәы зыда царҭа амам ахәԥсатә ҳәаа шьақәнаргылеит
"Ҳара излаҳԥхьаӡаз ала, ахәқәа ҩ-етапкны ихалароуп. Актәи аетап аан – х-мааҭк, аҩбатәи аетап аан – ҩ-мааҭк. Ҳара ҳазыԥшын хә-мааҭк рыла еиҳахап ҳәа, аха уажәы иҵегьы ихалеит", - иҳәеит иара.
Убри аан ауаажәларратә транспорт аҿы ахәқәа рацәак идухап ҳәа дақәгәыӷуам.
"Аԥхынтәи асезон аан аныҟәара ахә иацырҵап ҳәа сыҟам. Аҳәынҭқарра аҽазнархиароуп иаднакыло аӡбра. Ус акә, егьыс акә, ахәқәа халоит", - еиҭеиҳәоит анаплакы аиҳабы.
Шәлымба иажәақәа рыла, иҟоу аҭагылазаашьа инадҳәаланы Аҟәатәи автотранспорттә наплакы ақалақь ахадарахь аҳәара ҟанаҵоит адизельтә былтәы аахәаразы ашәарацҵа мҩаԥнагарц.
"Иахьазы иҟоу ашәарацҵала абылтәы ада ахәша, афильтрқәа уҳәа егьырҭ ахархәагақәа ҳзаалахәаӡом. Сгәыӷуеит ари азҵаара рыӡбап ҳәа. Абылтәеиԥш атранспорт ахәҭақәагьы рыхә шьҭыҵит", - иҳәеит иара.
Убри аан ирацәаҩуп ауаажәларратә транспорт аҿы аԥара зымшәо акатегориақәа.
"Аибашьра аинвалидцәа, ашколхәыҷқәа уҳәа изымшәо ыҟоуп. Атранспорт наплакы еснагь аԥара азыршәон, афеида азалагалаӡом. Аҳәынҭқарра аԥара азыԥшаар, сгәы иаанагоит аныҟәара ахәԥса иахьыҟоу инужьыр алшоит ҳәа", - иҳәеит Шәлымба.
Иахьазы Аҟәа ауаажәларратә транспорт – атроллеибус 5 мааҭк иаԥсоуп, автобус – 10 мааҭк. Аҳәынҭқарра иашәо аԥарала арҭ ахәқәа макьаназ ишыҟаз иааныжьуп ҳәа иҳәеит автотранспорттә наплакы аиҳабы.
Ажәабжьқәа зегьы
0