Амедицинатә хархәага ҿыц ықәдыргылеит Ареспубликатә наркодиспансер аҿы

© Sputnik / Акоп Кущян Новое Оборудование в наркодиспансере
Новое Оборудование  в наркодиспансере - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.08.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра Ареспубликатә наркологиатә диспансер азы иаанахәеит ҳаамҭазтәи агазтә хроматограф 10 миллион мааҭ ҳәа.
АҞӘА, нанҳәа 11– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Амедицинатә хархәага ҿыц ықәдыргылеит Ареспубликатә наркологиатә диспансер, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит аҳақьым хада Ирма Ануаԥҳа.
"Амедицинатә маруга хымчыбжьа раԥхьа иааган, иқәзыргылоз анџьыныр дааны еибиҭеит. Уажәы аҟазауаҩ аусуҩцәа аппарат аус адулашьа дирҵоит. Ари аметодика аҵаразы ҳаусзуҩ Шәачаҟа дцаны алабораториа ҷыдаҿы ҩба-хԥа мчыбжьы аус иуроуп, анаҩсан ара аҭыԥаҿы аҭҵаарақәа рымҩаԥгаразы", - лҳәеит лара.
Аппарат ҿыц иалшоит ауаҩы ицәеижь аҿы 700 рҟынӡа ахәшәи, зқьы инареиҳаны анаркотикатәи апсихотроптәи маҭәашьарқәа рыҟазаара агәаҭара.
"Аппарат ҳус арманшәалоит, избанзар ара еиҳа инарҭбааны анаркотикатәии апсихотроптәии маҭәашьарқәа рбара ҳалшалоит. Ауаа ирыдыркыло атаблеткақәагьы ашьа иалҳбаауеит", - лҳәеит Ирма Ануаԥҳа.
Ишазыԥхьагәаҭоу ала ахроматограф аусура иаларгахоит мызки бжаки рыҩныҵҟала.
"Ари апсихотроптә наркотикатә маҭәашьарқәа аазырԥшуа базатә хархәагоуп. Иалкааны акы акәымкәа инарҭбаау адыррақәа унарбоит. Ауаҩы ззин ыҟам ахәшәқәа, амаҭәашьарқәа ихы иаирхәозар ари аппарат урҭ ира ишьа ма ицәеижь аҿы рыҟазаара аанарԥшуеит", - иҳәеит ахархәага аҭыжьыҩ-еилахәыра "Интерлаб" аусзуҩ Евгени Безруков.
" 16 материахкы аппарат иҭаҵаны уаха инуыжьыр, иара ахала анализ ҟанаҵоит", -  ҳәа азгәеиҭеит Безруков.
Ахархәага ҿыц ауаҩы ицәеижь аҿы арыжәтә џьбара, анаркотикқәа, апсихотроптә маҭәашьарқәа рыҟазаара шьақәнаргылоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0