Гал хәыҷ инхо ауаҩԥсы аџьаԥҳаны ҵәахны имоуп ҳәа даанкылоуп

© Sputnik Томас Тхайцук Наручники
Наручники  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.08.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны АШәМ аусзуҩцәа аоперативтә информациа аус адуло нанҳәа 6 рзы дааныркылеит Қырҭтәыла атәылауаҩ, зыҩны аџьаԥҳани артҟәацгеи ҵәахны измаз.
АҞӘА, нанҳәа 13 - Sputnik. Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа Гал хәыҷ ақыҭан дааныркылеит ара инхо Қырҭтәыла атәылауаҩ Сангәлиа Вахтанг Рамин-иԥа, 1962 шықәсазы ииз. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АШәМ асаит.
Сангәлиа иҩны анеимырдоз ирыԥшааит 23 патрона згәыцә 7,62 мм иҟоуи напылатәи агранатеи 5 хык.
1992-1993 шықәсқәа раан Сангәлиа Галтәи амилициа рҿы аус иуан, Аҳәынҭсовет ар дрыцхраауан.
Иара иганахьала аматериалқәа Тҟәарчал араион апрокуратурахь инашьҭуп, иара ихаҭа Гал араион ААР Аамҭала ауаҩы иаанкыларҭаҟны дҭакуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0