Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа Руслан Қаџьаиа иганахьала азыӡба аҿҳәара анахара мап ацәнакит

© Sputnik Верховный суд Абхазии
Верховный суд Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.08.2021
Анапаҵаҩра
Руслан Қаџьаиа арыжәтә ыжәны амҩатә машәыр ҟаиҵеит, уи иахҟьаны ԥшьҩык ауааԥсыра ҭахеит ҳәа ахара идҵаны иус аӡбарҭахь инашьҭын, 10 шықәса иқәҵан, игәабзиара шьақәгылаанӡа иараӡаны.
АҞӘА, нанҳәа 13 - Sputnik. Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа Руслан Қаџьаиа иганахьала Очамчыратәи араионтә ӡбарҭа азыӡба анагӡара аҿҳәара анахара мап ацәнакит ҳәа аанацҳауеит Абаза ТВ.
Авария в с.Кындыг - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.12.2020
Кындыӷ иҟалаз аԥсыҭбара зцыз амҩатә машәыр ахара здырҵо иус аӡбарҭахь инашьҭуп
Руслан Қаџьаиа мшаԥы 27 азы арыжәтә ыжәны амҩатә машәыр ҟаиҵеит, уи иахҟьаны ԥшьҩык ауааԥсыра ҭахеит ҳәа ахара идҵаны иус аӡбарҭахь инашьҭын, 10 шықәса иқәҵан, аха лаҵара 31 азы аӡбарҭа уи азыӡба игәабзиара шьақәгылаанӡа ҳәа анагӡараз ианараӡеит.
Ааха зауз аган Очамчыратәи араионтә ӡбарҭа ақәҵара иазашшит Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа Ахашшааратә коллегиахь.
Нанҳәа 12 азы Ахашшааратә коллегиа аӡбарҭа игәабзиара шьақәгылаанӡа ҳәа уи азыӡба анагӡараз аӡара инаҭаз аԥнахит. Азыӡба амчра аиуеит ианрыларҳәа амш инаркны.
Иазгәаҭоуп Қаџьаиа ихала дымнеир иԥшаара шрыларҳәо.
Амҩатә машәыр ҟалеит ареспубликатә трасса Ԥсоу-Егры, Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭан абҵара 5 ахәылбыҽха, асааҭ 18.45 рзы. Гал ақалақь аганахьынтә Аҟәаҟа зхы хаз автомашьына Mercedes-Benz аԥсҟы зкыз Қаџьаиа Руслан амҩаду 141-тәи акилометр аҿы иаԥхьаҟатәи амҩатә цәаҳәа данылеит, иаауаз автомашьына ВАЗ-2107 дасит. ВАЗ-2107 аԥсҟы зкыз Г.В. Сангәлиа, 1957 шықәса рзы иизи ипассаџьырцәа хҩыки – И.Ш. Чқәан - 1971 шықәса рзы ииз, Р.М. Бигәаа  - 1974 шықәса рзы ииз, Н.И. Сангәлиа  - 1952 шықәса рзы ииз, зегьы Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭа ауааԥсыра, рыԥсҭазаарақәа ирылҵит.
Қаџьаиа амедицинатә усҳәарҭахь днаган, ишьақәыргылан арыжәтә ыжәны дшыҟаз.
Ажәабжьқәа зегьы
0