Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кәыҵниаԥҳа аспорт секциақәа русураҟны аԥкрақәа рзы: ҳрықәныҟоит иалҵшәахо еилкааны

© Sputnik / Томас ТхайцукЭсма Квициния
Эсма Квициния - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.08.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь ахадара аҿари аспорти русқәа рзы аусбарҭа аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Есма Кәыҵниаԥҳа арадио Sputniik аефир аҟны еиҭалҳәеит русура апандемиазы иалагалоу аԥсахрақәа ртәы.
Кәыҵниаԥҳа аспорт секциақәа русураҟны аԥкрақәа рзы: ҳрықәныҟоит иалҵшәахо еилкааны
Нанҳәамза 13 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит аҿкчмазара аԥырҟәҟәааразы аԥкрақәа рырӷәӷәаразы аусԥҟа. Уи инақәыршәаны, ачарақәа, аныҳәақәа, аԥсхәрақәа, агәмырҿыӷьгатә усқәа уҳәа, иара убас егьырҭ ауаа рацәа злахәу ауснагӡатәқәа иарку ахыбрақәа рҿы рымҩаԥгара ҟалом; ауаа рацәа злахәу аспорттә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара, аспорттә хыбрақәа русура уҳәа аанкылоуп.
"Ҳара ҳаспорттә секциақәа русура аанкылоижьҭеи мызкы аҟара ҵуеит, ауаа рацәа алархәны аусмҩаԥгатәқәа рзы аԥҟарақәа аларгалеижьҭеи. Ҳара уи ақәҵара ҳақәшаҳаҭуп, иаҳдыруеит иалҵшәахо. Иҟоуп азыҟаҵаҩцәа адәныҟа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥызго, аха уаҟагьы ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара маҷуп", - лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.
Иаҳа инарҭбааны аицәажәара аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0