Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

"Раионк аԥсҭазаараҟынтә": Бигәаа Гал араса аус ахьадыруло ацех маҷқәа ирызкны

© Foto / предоставлено Бесланом БигваваБеслан Бигвава
Беслан Бигвава - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.08.2021
Анапаҵаҩра
Гал араион аҟны араса аус ахьадыруло ацех маҷқәа русура шеиҿкаау, рхыԥхьаӡара ахьынӡанаӡо уҳәа ртәы арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Беслан Бигәаа.
"Раионк аԥсҭазаараҟынтә": Бигәаа Гал араса аус ахьадыруло ацех маҷқәа ирызкны
"Гал ақалақьи араиони рҟны хазы игоу анаплакыҩцәа иртәу 20 цех рҟынӡа ыҟоуп  . Ацехқәа руак аус шауа збарц, саҭааны игәасҭеит. Убас цехк аҟны 20-ҩык рҟынӡа анхацәа аус руеит. Аџьармыкьа аус анауа амш азы жәабаҟа тонна араса аархәоит, аҵәахырҭаҟны ишьҭарҵоит. Араса цәырҳәны иаазхәар зҭаху 20 тонна рырҭар рылшоит мчыбжьык иалагӡаны, ирҩаны иҟарҵоит. Араса ԥҽны, еилыхны еиқәдыршәоит. Араса ахә уи ишеицәажәо еиԥш. Ацех зтәу ишахәҭоу еиԥш ашәахтәқәа аларгалоит, ауаа усурала еиқәдыршәоит. Иахьала араса 90-100 мааҭк ҳәа иаархәоит. Игәылхны иҟоу араса 430 мааҭ ҳәа ирырҭоит изго", - иҳәеит Бигәаа.
Шәазыӡырҩы аудио.
Ажәабжьқәа зегьы
0