Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу амобилтә госпиталь Аԥсны иҟалоит нанҳәа 17 рзы

© Sputnik / Томас ТхайцукМобильный госпиталь в Айтаре
Мобильный госпиталь в Айтаре - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.08.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь Ставропольтәи атәылаҿацә Буденновск ақалақь аҟынтә Аԥсныҟа амҩа иқәлеит нанҳәа 16 рзы.
АҞӘА, нанҳәа 16 - Sputnik. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь Аԥсны иҟалоит нанҳәа 17 рзы. Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.
100 иара-ҭыԥ змоу амобилтә госпиталь ареспубликахь идәықәнаҵеит аҿкчымазара змоу рыхәшәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы.
Агоспиталь апансионат "Аиҭар" аҵакыраҿы игылоит.
Асасааирҭа "Аиҭар" адиректор Ҭемыр Адлеиба арадио Sputnik аҟны ишиҳәаз ала амобилтә госпиталь Аԥсны иҟалоит нанҳәа 17 рзы.
Адлеиба иазгәеиҭеит, аҳақьымцәа рыдкыларазы апансионат зегь рыла ишеиқәшәо.
Иажәақәа рыла "Аиҭар" аҟны зыԥсы зшьо асасцәеи амобилтә госпиталь аҳақьымцәеи хаз-хазы ишыҟазаауа, уи азы аанда ҟаҵоуп. Иара убас амобилтә машьынақәеи, атехника ҷыдеи аргыларҭа азы хаз игоу амҩа азылхуп.
Дезинфекция завода Победит оборонно-промышленного комплекса - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.08.2021
Амшынеиқәатә флот аҟәшақәа Аԥсны акоронавирус аԥырҟәҟәара иацхраауеит
"Нанҳәа акы инаркны актәи акорпус ахь аԥсшьаразы аҿаҵарақәа аанкылан. Уаҟа иҩназ ауаа даҽаџьара ииагоуп. Ҳара ҳусзуҩцәеи аҳақьымцәеи зынӡагьы еиқәшәаӡом", - иҳәеит Адлеиба.
Амобилтә хырхарҭарацәалатәи агоспиталь адәынтәи амедицинатә еиҿкаароуп, акоронавирустә инфекциа змоу рыхәшәтәра иазырхоуп. 
Араҟа ишьақәыргылоуп арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа, апациентцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа.
2020 шықәса жьҭаара 20 рзы Аԥсны аусура иалагеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра арратә мобилтә госпиталь. 2021 шықәса хәажәкыра 1 азы Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Аԥсныҟа иаанашьҭыз хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь Аԥсны амедицинатә цхыраара анымҩаԥнага ашьҭахь есымшатәи агыларҭахь ихынҳәит. Аԥсны иахьынӡаҟаз аамҭа иалагӡаны амбулатор-консультациатә цхыраара рыҭан хнызқьи быжьшәҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра, амбулатортә дкылара рыҭан 3,3 нызқьҩык, астационартә – 450-ҩык рҟынӡа.
Ажәабжьқәа зегьы
0