Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Бебиа афорум "Евразиатәи адиалог" алахәхаразы азы: ҳкультура, ҳҵас аинтерес рызцәырнагеит

© Foto / предоставлено Ахрой БебияАхра Бебия
Ахра Бебия - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.08.2021
Анапаҵаҩра
Нанҳәамза 18 рзы Нижни Новгород ақалақь аҟны иаатит Жәларбжьаратәи афорум "Евразиатәи адиалог". Ари аусмҩаԥгатә иалахәуп Аҿари аспорти русқәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы аспециалистцәа ҩыџьа. Ахра Бебиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит афорум амҩасшьа атәы.
Бебиа афорум "Евразиатәи адиалог" алахәхаразы: ҳкультура, ҳҵас аинтерес рызцәырнагеит
"Афорум хықәкыс иамоу еиуеиԥшым атәылақәа рҟнытә аҿар реидкылара, ирымоу аԥышәа аимдара. Ирацәаҩуп Урыстәыла еиуеиԥшым ақалақьқәа рҟнытә иалахәу аҿар, иҟоуп атәым ҳәынҭқаррақәа рҟнытә иаазгьы. Аԥсны аинтерес зызцәырнагаз рацәаҩуп, ҷыдала иааины иҳабадыруан. Ҳкультура, ҳҵасқәа ртәы дҳардырит, уи аинтерес рызцәырнагеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Бебиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0