Бжьаниа адҵа ҟаиҵеит аинвесторцәа рзы афымцамч аганахьала аиқәшаҳаҭрақәа еиқәдыршәарц

© Sputnik / Томас ТхайцукЭлектропровода
Электропровода  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.08.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аусутә еилатәара мҩаԥигеит иусбарҭа аиҳабы, Аминистрцәа реилазаара, аҳәынҭеилакқәа рнапхгаҩцәа алархәны.
АҞӘА, нанҳәа 20 - Sputnik. Аслан Бжьаниа Аминистрцәа реилазаара адҵа риҭеит жьҭаарамзанӡа иаздырхиарц аӡхыҽҽатә ӡытә фымцамчтә станциақәа (ГЕС) рҭыԥ рықәҵаразы аинвесторцәа ирыдыргалаша аиқәшаҳаҭрақәа рпроектқәа еиқәдыршәарц. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Интервью Аслана Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.08.2021
Бжьаниа: аинвестор Урыстәыла имоу аԥыжәарақәа рҩызцәа Аԥсынгьы иоулоит
Бжьаниа агәынамӡара ааирԥшит ари ахырхарҭала лҵшәак змоу аусура ҳәа акгьы мҩаԥысуам ҳәа.
Аилатәараан "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы и.н. Ҭенгиз Гырџьынба иҳәеит иахьатәи аамҭазы Аԥсны уахыки-ҽнаки рыла афымцамч ахархәара 500 киловатт-сааҭ рыла ишьақәыргылоу анорма ишеиҳау, иааидкыланы хә-миллион киловатт-сааҭ шыннахуа. Иара иажәақәа рыла, уи еиҳарак изыхҟьо атуристтә сезон ашыкьымҭа ҳахьҭагылоу ауп.
Аекономика аминистр лхаҭыԥуаҩ Ҭеимураз Амқәаб иажәақәа рыла, зынӡа атәылаҿы иаҿыхуп 4700 ак амаининг хархәагақәа, урҭ рахьтә 1100 атәыла анҭыҵ игоуп.
Иара убасгьы иара иазгәеиҭеит изакәанымкәа акриптовалиута зырҳауаз аӡбарҭаҿы ирықәырҵаз ахараԥсақәа рахьтә 600 нызқь мааҭ абиуџьет ишаларҵахьоу. Убри аан даҽа 14 миллион мааҭ рыхә ахараԥсақәа рызҵаара аӡбарҭаҿы ишьҭоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0