Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ӷәынџьиа АрМИ-2021 аԥсуа танкистцәа ралахәхаразы: сгәаанагарала, аӡәгьы дҳарԥхашьом

© Foto / предоставлено Аланом ГвинджияАлан Гвинджия
Алан Гвинджия - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.08.2021
Анапаҵаҩра
Благовешьенсктәи арратә ҵараиурҭа акурсант, асержант еиҵбы Алан Ӷәынџьиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа АрМИ-2021 алахәхара рыҽшазыҟарҵо, ианықәгыло атәы.
Ӷәынџьиа АрМИ-2021 аԥсуа танкистцәа ралахәхаразы: сгәаанагарала, аӡәгьы дҳарԥхашьом
"Ҳара Москва аполигон Лабино ҳаҟоуп. Аԥсуаа ҳнаҩс ирацәаҩуп еиуеиԥшым атәылақәа рхаҭарнакцәа. Атанктә биатлон ҳалахәхоит х-екипажк. Ҵыԥх екипажк алахәын, актәи аҭыԥ ааныркылеит. Сынтәа ишахәҭоу еиԥш аекипажқәа хԥа ыҟоуп, хҩы-хҩы ҳҭатәоуп", - иҳәеит Ӷәынџьиа.
Шәазыӡырҩы аудио.
Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа АрМИ-2021 мҩаԥысуеит нанҳәа 22 инаркны цәыббра 4 аҟынӡа. 11 тәыла рҿы имҩаԥысуеит арратә хәмаррақәа, 34 еицлабра ирылахәхоит 280 команда 34 ҳәынҭқарра рҟынтәи (Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи абрахь иналаҵаны). Раԥхьаӡа акәны ахәмаррақәа ирылахәхоит: Бразилиа, Буркина-Фасо, Кипр, Малаизиа, Камерун, Еквадор. Сынтәа АрМИ иалахәхаз зегь хыԥхьаӡарала иааидкыланы 459 нызқьҩык инареиҳаны иҟалоит ҳәа адырра ҟаиҵахьан Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥснытәи аруаа АрМи-2021 рҽазыҟаҵо ашьхатә ԥынгылатә цәаҳәа иахысит
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рымшынтә аршьаҟауаа Владивостокҟа инеиуеит АрМИ-2021 аҽалархәразы
Ажәабжьқәа зегьы
0