Аԥсны ахада ауаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" ахаҭарнакцәа идикылеит

© SputnikАдминистрация президента Абхазии
Администрация президента Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.08.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа руаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" атәыла аиҳабыра русура иақәыӡбо ааԥхьара ркьыԥхьит.
АҞӘА, нанҳәа 24 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи, ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынбеи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа руаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" рхаҭарнакцәа ирԥылеит нанҳәа 23 рзы. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аиҿкаара Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Ахра Бжьаниа.
Пресс-конференция общественной организации ветеранов Отечественной войны народа Абхазии 1992-1993 годов Аруаа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.08.2021
"Аруаа" ааԥхьара ҟарҵеит жьҭаарамзазы Аԥсны акциақәа рҽырзыҟарҵаларц
́Ахра Бжьаниа иажәақәа рыла, аиԥылара мзызны иаиуит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа руаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" атәыла аиҳабыра русура иақәыӡбо иҟарҵаз аҳәамҭа.
Аҳәамҭаҿы инаҵшьны иазгәаҭан акоронавирустә инфекциа иаҿагыланы ақәԥара хра амамкәа иахьыҟоу.
"Валери Бганба аԥыза-министр инапынҵақәа анынеигӡоз иҟамызт ихәарҭахашаз аметодикақәа, ВОЗ абжьгарақәа ирықәшәо ауснагӡатәқәа, аха Аԥсны усҟантәи аамҭазы ачымазара ааныркылеит, шәкыла аԥсҭазаарақәа еиқәдырхеит. Иара убри аамҭазы иахьатәи аԥыза-министр Анқәаб аҟазауаа ргәаанагара азхьаԥшра амҭо, иҭакԥхықәраданы ихымҩаԥгашьа агәабзиарахьчаратә система еиланажьит, ачымазара ашәқәа азаанартит, ауааԥсыра рыԥсҭазаарақәа ашәарҭара иҭанаргылеит уҳәар алшоит", - аҳәоит  "Аруаа" иҟарҵаз аҳәамҭаҿы.
Иара убасгьы атекст аҿы иазгәаҭоуп аиҳабыра алаҵаҟаҵаразы иахәҭаны иҟаз аусқәа мҩаԥырымгеит ҳәа.
"Аиҳабыра рхада иусура иааубартә аиԥш алҵшәадара, шәара Аслан Гьаргь-иԥа Аминистрцәа реилазаара ԥхьатәара ашьҭра шәазнархәыцроуп", - аҳәоит аҳәамҭаҿы.
Ахра Бжьаниа ахада иацәажәара "иҭынчыз аиҩызаратә ҟазшьа аман" ҳәа ахиҳәааит.
"Иаҳҳәоз зегь аниҵон. Иҟаиҵаша атәы сызшәаҳәом, аха ҳаицәажәара дшазхәыцуа збеит. Ҳара ҳгәанала асеиԥш акгьыҟамҵара ҭакк аиуроуп. Ахада аиҳабыра ииашаз ашьаҿақәа ҟарҵоит ҳәа ишьозар ԥхьаҟа иҟаҳҵаша ҳазхәыцроуп. Ахада даҳзыӡырҩит, иҳәеит ацәажәара зҭаху зҵаарақәоуп ҳәа",  - иҳәеит иара.
Ахра Бжьания иҳәеит иара убас ишрылацәажәаз акоррупциа аҿагылара, аветеранцәа рсоциалтә зинқәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз рнырра ртемақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0