Лиудмила Скорик: арҵаҩцәа алаҵа ҟарҵароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукПервый звонок в Сухумских школах
Первый звонок в Сухумских школах - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.08.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵарашықәс иалагоит цәыббра 1 азы. Абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа.
АҞӘА, нанҳәа 26 – Sputnik. Ашколқәа рҟны асанитартә-епидемиологиатә режим аҭахрақәа ирықәныҟәалароуп ҳәа лҳәеит ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура аинтервиу аҭо.
Первый звонок в Сухумских школах - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2021
Аԥсны аҵаратә процесс цәыббра 1 азы иалагоит
"Сара еилыскаауеит амедицинатә ҟазшьала алаҵа ҟазҵар ҟамло арҵаҩцәа шыҟоу, аха урҭ рсиа акыр икьаҿуп", - ҳәа лҳәеит лара.
Аурокқәа раан ахәыҷқәа асабрада рҿаҵаны иузыртәом ҳәа азгәалҭеит Скорик.
"Аклассқәа аультрафиолетшәахәа ашьҭырҭақәа рыла еиқәыршәазароуп. Аха иҟалоит урҭ ахьыҟамлогьы. Арҵаҩы авирус иԥырхагахара маҷзарц, аиммунтә хьчара имазарц арҵаҩцәа алаҵа дҳарҟаҵароуп", - ҳәа лҳәеит Скорик.
Лара лажәақәа рыла, арҵаҩцәа риммунтә статус аҭҵаара иалагоит цәыббра 15 инаркны.
"Ахархәара рыҭахоит атест-системақәа, ацәеижьҿагылақәа рыҟазаара агәаҭара. Урҭ ачымазара акәу алаҵа акәу изхылҿиааз гәарҭоит. Уажәазы урҭ рҩызцәа атест-системақәа ҳамоуп. Убри азы арҵаҩцәа зегьы, аҵаратә процесс иалахәу хәыдаԥсада игәаҳҭоит", - ҳәа лҳәеит лара.
Аклассқәа гәыԥ-гәыԥла изеихшамхои, аамҭа аамҭала аиҵбыратәии аиҳабыратәии аклассқәа рҵараҵара асхема заԥыххеи ҳәа азҵаара аҭакс илҳәеит уи рацәак хра шамамыз.
"Арҵаҩцәа еиҳа аидара иаҵалон, русура ҩынтә еихшаны имҩаԥыргар акәын. Ҳара арҵаҩцәа ҳаԥсахуамызт, ахәыҷқәа ракәын еихаҳшоз. Ҵыԥхтәи аҭагылазаашьа иаҳнарбеит арҵаҩы иааԥсара ииммунтә система шыҵнашәаауаз COVID-19 еиԥш егьырҭ ачымазарақәа рзгьы", - ҳәа лҳәеит Лиудмила Скорик.
Лара ишылҳәаз ала, 2020 шықәсазы иаԥҵан аинструктивтә материалқәа, аҵара аҟәшақәа реиҳабацәа урҭ хылаԥшра рырҭалароуп.
"Арахь иаҵанакуеит арзҩыдагақәа, асабрадақәа, асапын – асантехникатә уадақәа рҿы" ҳәа лҳәеит Скорик.
Иара убасгьы аклсс уадақәа аԥша рыҩнарслатәуп аҳауатә ҭагылазаашьа иахьынӡалнаршо, аӡыни ааԥыни аԥсшьараамҭақәа ирыцҵахар ҟалоит.
"Макьаназ, ахәыҷқәа адырра раҳҭартә аҭагылазаашьа ахьынӡаҟоу аҵаратә процесс ҳалагарц ҳаӡбеит", - ҳәа лҳәеит лара.
Ҵыԥх аҵаратә процесс изныкымкәа еиԥҟьеит аҭыԥ змаз аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахҟьаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0