Новосибирск имҩаԥысуа АрМи-2021 аицлабраҟны аԥшыхәҩцәа ԥшь-рекордк шьақәдаргылеит

© Sputnik / Виталий Аньков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКонкурс "Морской десант" в Приморском крае
Конкурс Морской десант в Приморском крае - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.08.2021
Анапаҵаҩра
34 еицлабра аҟны АрМИ-2021 иалахәуп 5 000-ҩык аруаа рҟынӡа 42 тәыла рҟынтәи. Урҭ рхыԥхьаӡараҿ иҟоуп Аԥснытәи акомандагьы.
АҞӘА, нанҳәа 26 – Sputnik. Новосибирск имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа рыҟны, зныкала ԥшь-рекордк шьақәдыргылеит аицлабра "Отличники войсковой разведки" аҩбатәи ахәҭаҟны, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости аицлабрақәа рыпресс-центр шьаҭас иҟаҵаны.
В Приэльбрусье состоялась жеребьевка команд-участниц «Эльбрусского кольца» - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.08.2021
Аԥснытәи аруаа аицлабра "Ельбрустәи амацәаз" рҽаладырхәуеит
"Ҩ-рекордк шьақәдаргылеит Урыстәылатәи аԥшыхәцәа. Урыстәылатәи акоманда амеханик-арныҟәцаҩ аҩбатәи ахәҭа афиниш аҟны дааит 11минуҭи 52 секунди рыла, уи алагьы 2020 шықәсазы ишьақәыргылаз арекорд иаԥнеигеит. Иара убас, аицлабра аҭоурых аҟны уажәраанӡа иҟамлацыз аицлабра "Наложение кровоостанавливающего жгута и оттаскивание раненого" аҟынгьы урыстәылатәи акоманда аԥыжәара агеит", - аҳәоит апресс-маҵзура аацҳамҭаҿы.
Китаитәи акоманда аԥшыхәҩцәа аицлабра "Надевание противогаза" аҟны 2,2 секундк рыла инарыгӡеит уи алагьы арекорд шьақәдаргылеит, Узбекистан акоманда акәзар "Скрытное выдвижение к объекту противника перебежками и переползанием на боку" аҟны минуҭки 24 секунди рыла.
Аихшьаалақәа рыла аҩхәҭак реицлабрақәа рыҟны аԥыжәара шамац иамоуп урыстәылатәи акоманда. Аҩбатәи Китаи ахԥатәи Узбекистан.
Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа-2021 мҩаԥысуеит нанҳәа 22 инаркны цәыббра 4 нӡа 11 ҳәынҭқарра рҵакыраҿы (Урыстәыла, Алжир, Ермантәыла, Беларусиа, Ветнам, Иран, Катар, Казахстан, Китаи, Сербиа, Узбекистан).
Ажәабжьқәа зегьы
0