Урыстәылантәи Аԥсныҟа анаркотик ҭазгалар зҭахыз ахаҵа даанкылоуп

© Foto / Сочинская таможняГраница Псоу
Граница Псоу - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.08.2021
Анапаҵаҩра
Азинеилагаҩ Урыстәылантәи Аԥсныҟа даниасуаз аҳәааҿы ашьапыламҩа иаҵанакуа МАПП "Адлер"дааныркылеит.
АҞӘА, нанҳәа 27 – Sputnik. Каквказтәи ареспубликақәа руак атәылауаҩ даанкылан иус ӡбоуп аурыс-аԥсуа ҳәаа данахысуаз идырбалаз анаркотикатәи апсихотроптәи амаҭәашьарқәа иахырҟьаны. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә Аҳәаахьчаратә усбарҭа.
Адлертәи араионтә ӡбарҭа аӡбамҭала фышықәсеи бжаки ҭакрала ахгара иқәырҵеит.
Агәаҭара-аушьҭратә ҭыԥ «Адлер» данааныркыла, ахаҵа идырбалеит зыԥшшәы шкәакәаз акристаллтә маҭәашьарқәа ҩ-еилаҳәраки, акапсулақәеи. Иаарԥшыз амаҭәашьар аҭҵааразы идәықәырҵеит Краснодартәи атәылаҿацә иаҵанакуа Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа Шәачатәи аекспертә криминалисттә ҟәшахьы.
Аҭҵаара иаанарԥшит, амаҭәашьарқәа -арҩашьыгатә маҭәашьар мефедрони ӷәӷәала анырра ҟазҵо ахархәага прегабалини шракәыз.
Аӡбарҭа азыӡба азакәантә мчы аиуит.
Ажәабжьқәа зегьы
0