Аслан Бжьаниа Чечентәылатәи ареспублика аделегациа идикылеит

© Foto / АПСНЫПРЕСС В Абхазию прибыла делегация из Чеченской Республике
В Абхазию прибыла делегация из Чеченской Республике - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.08.2021
Анапаҵаҩра
Аиԥылара иалахәыз аӷәыӷра аадырԥшит ҳаԥхьаҟа Аԥсни Чечентәылеи рыбжьара аиҩызареи аизыҟазаашьа бзиақәеи рыбжьалап ҳәа.
АҞӘА, нанҳәа 30 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идикылеит Чечентәыла агәабзиарахьчара аминистр Елҳан Сулеиманови амилаҭтә политикеи адәныҟатәи аимадарақәеи, акьыԥхьи аинформациеи рзы аминистр Аҳмед Дудаеви зхадараҿы иҟоу Чечентәылатәи ареспублика аделегациа. Иара убас аиԥылара далахәын Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.
© Foto / АПСНЫПРЕСС Аслан Бжьаниа Чечентәылатәи ареспублика аделегациа идикылеит
В Абхазию прибыла делегация из Чеченской Республике - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Аслан Бжьаниа Чечентәылатәи ареспублика аделегациа идикылеит
Асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, Аслан Бжьаниа ҭабуп ҳәа реиҳәеит Чечентәылатәи аресбулика иқәынхо ажәлар Аԥсны иарҭо адгыларазы. Ахәҭакахь ала аҿкчымазара аԥырҟәҟәараҿы.
"Арыцҳара ахьыҟоу, еснагь ҳаивагылзароуп ҳаицхыраароуп. Хымԥада ҳара иҳалшароуп апандемиа аиааира, агәра ганы сыҟоуп ҳаԥхьаҟа ахҭыс бзиақәа шҳазԥшу", - иҳәеит Аԥсны ахада.
Чечентәылатәи ареспублика ахада Рамзан Кадыров ихьӡала Аҳмед Дудаев асалами, Апсуа жәлар ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амши рыдеиныҳәалеит.
"Ҳара ачеченжәлар, зҭоурых ҵаулоу, зкультура ҳараку аԥсуа жәлар пату ду ҳазшәықәуп. Ҳара ҳаиҷаҳуеит ҳаҩызара, ҳаизыҟазаашьа. Иаадыруеит аԥсуа жәлар, еиуиԥшым аҭоурых аамҭақәа рзы шаҟа маҟәмабра рхыргаз ихьыԥшым аҳәынҭқарра ашьақәыргыларзы", - иҳәеит Дудаев.
Чечентәыла агәабзиарахьчара аминистр Сулеиманов иҳәеит, Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә дума адепутат Адам Делимханов Аԥсны ҳамҭас иаиҭаз ацхыраара ласы амашьынқәа ҩба аҳәааҿы ишгылоу мышқәак рыла Аԥсны ишыҟало.
Аиԥылараҿы Аслан Бжьаниа ирыдеигалеит иалацәажәарц, ҳаԥхьаҟа ачечен хәыҷқәа Аԥсныҟа аԥсшьара раагаразы аусқәа реиҿкаара.
Иара убас, Аԥсны ахада иазгәеиҭеит Чечентәылатәи ареспублика ахада Рамзан Кадыров Аԥсны сасра иаҭаара дшазаԥшу.
Аиԥылара ахыркәшамҭаз агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0