"Ты супер" аиубилеитә сезон цәыббра 5 рзы имҩаԥысуеит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФинал конкурса "Ты супер!" в Государственном Кремлевском Дворце
Финал конкурса Ты супер! в Государственном Кремлевском Дворце - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.09.2021
Анапаҵаҩра
Ахәбатәи асезон аҟны иқәгылоит 51-ҩык. Апроект еиднакылеит атәылақәа ԥшьба: Урыстәыла, Белоруссиа, Молдавиа, Узбекистан.
АҞӘА, цәыббра 4 – Sputnik. Ателеканал НТВ ирыланаҳәеит Жәларбжьаратәи авокалтә еицлабра "Ты супер" аиубилеитә сезон цәыббра 5 азы имҩаԥысуеит ҳәа.
Аиубилеитә сезон уаанӡеиԥш иалахәуп ашкол-интернатқәеи ахәыҷқәа ахьырааӡо аҩнқәеи рҟнытәи ахәыҷқәа.
Уажәы, раԥхьаӡа акәны ашоу иалахәхоит  ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа рҟынтәи ахәыҷқәа.
Аӡбаҩцәа ргәыԥ иалахәуп – акомпозитор Игор Крутои, арок шәаҳәаҩы Диана Арбенина, амузыкант, актер Алексеи Воробев, ашәаҳәаҩ,  акомпозитор Ирина Дубцова.
Финал конкурса Ты супер! в Государственном Кремлевском Дворце - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2021
"Ты супер!" ахәбатәи асезон азы акастинг рылаҳәоуп
"Ирҳәоит ихадароу аиааира акәӡам, алахәхароуп ҳәа.  Уи зегь шақәшаҳаҭугьы, зегьы ирҭаху аиааироуп, - ҳәа лҳәоит Дубцова. Аха убри аан уазхәыцуеит зегьы ушреиӷьу аарԥшра  адагьы иузыӡырҩуа ирызноугарц иуҭаху. Ҳлахәылацәа зегьы ақәҿиара дуқәа рзеиӷьысшьоит. Акгьы шәацәымшәан. Сара сакәзар, исылшо ала сшәыдгылаҩуп".
Ирина Дубцова илҳәаз дадгылоит Алексеи Воробевгьы.
"Акгьы хьаас иҟашәымҵан. Ажьиури алахәылацәа, арҵаҩцәа, ателеканал НТВ акоманда зыгьы абри апроект аҿы изыҟоу шәхы агәра шәдыргарц ауп. Асцена ду ахь раԥхьатәи ашьаҿақәа рыҟаҵараҿы ацхыраара шәырҭарц ауп", - иҳәоит иара.
Уаанӡеиԥш апроект мҩаԥыргоит Вадим Такменеви Анастасиа Паки. Пак илҳәеит акоронавирус иахҟьаны ашоу алахәылацәа зегь зымаар ҳәа дышшәоз.
"Даара сеигәырӷьоит аӡәгьы ԥырхага ахьимоуз. Акыр ишыуадаҩызгьы ахәыҷқәа еизаҳгеит. Зегь ааит, зегь еиҩызцәахеит, дара дара еицхыраауеит. Ари акыр иаԥсоуп", - ҳәа лҳәеит лара.
Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы ашәаҳәаратә проект "Ты супер!" ателеканал НТВ-и аинформациатә маҵзуреи арадио Sputnik-и еицымҩаԥырго проектуп. Аицлабра алахәылацәа ироуеит алшара Урыстәыла иреиӷьу арҵаҩцәа, азыҟаҵаҩцәа аус рыцура, рхы аарԥшра, аҩызцәа ҿыцқәа рыԥшаара.
Ажәабжьқәа зегьы
0