Аԥсны ахьа еиқәырхатәуп: Аекологиа аинститут аҟны алабораториа ҿыц аатит

© SputnikСухумский рынок
Сухумский рынок - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.09.2021
Анапаҵаҩра
Апроект "ENPARD III аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны абнарақәа, аҵиаақәа, аԥстәқәа рҭагылазаашьа аиӷьтәра" апроект аҩнуҵҟа иаԥҵоуп алабораториа ҿыц. Адгылара ҟарҵеит ООН афатәааглыхратәии ақыҭанхамҩатәи еиҿкаареи Евроеидгылеи.
АҞӘА, цәыббра 8 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Абиоиндикациеи амикологиеи рлабораториа аусура азхоуп Аԥсны ахьабнарақәа рыхьчара. Иара аадыртит Аекологиа аинститут аҿы.
"Ари алабораториа ҩышықәса ҵуеит архиара ҳаҿижьҭеи. Иҭҵаан ахьа ахәышәтәышьаз аԥышәа– Cryphonectria parasitica, атәылақәа Ҭырқәтәылеи Швеицариеи рԥышәа", - ҳәа лҳәеит ООН афатәааглыхратәии ақыҭанхамҩатәи еиҿкаара апроекттә офис аиҳабы Кыиал Арабаева.
Лара илҳәеит ичмазаҩу аԥснытәи ахьа ацәа швеицариаҟа ишышьҭу аҭҵааразы.
Выставка по каштану в музее  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.03.2021
Ахьа иазку ацәыргақәҵа аартуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҿы
"Швеицариатәи абназ Афедералтә институт аҟынтәи ҳколлегацәа аматериал анҭырҵа ирбеит  агиповируленттә штамм. Ҩымз рыҩныҵҟа уи аштамм ала  аԥснытәи аҭҵаарадырра-ԥышәаратә станциаҿы ахьаҵлақәа ирылаҳҵон. Ааԥынразы ари аус иахылҵша аабоит", - лҳәеит Арабаева.
ООН афатәааглыхратәии ақыҭанхамҩатәи еиҿкаара аексперт Михаил Қриа иҳәеит Аԥсны ахьаҵлақәа акәыкәбаачымазара Cryphonectria parasitica шьҭыркаар ҳәа ашәарҭара шыҟоу.
"Акырҵуеит ари ашәарҭара ыҟоижьҭеи. Уажәшьҭа, иҳауз алабораториа иалнаршоит аҭыԥ аҿы ари апроблема аӡбра", - ҳәа иҳәеит иара.
Алабораториа аԥҵара алыршахеит Аԥсны Аекологиа аинститути ООН афатәааглыхратәии ақыҭанхамҩатәи еиҿкаареи русеицурала.
"Аинститут ахахьы иагеит ахыбра атехникатә рхиара иахәҭоу амыругақәа рыргыларазы. Амыругақәа арахь иаанашьҭит ООН афатәааглыхратәии ақыҭанхамҩатәи еиҿкаара. Уи адагьы  аинститут аштат ала еиҿкаау алабораториа акоманда Москва аҵиаақәа ркарантин Аинститут аҿы аҽазыҟаҵарақәа ирхысит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Қриа.
Аекологиа аинститут Роман Дбар адиректор иҳәеит алабораториа аԥҵара аинститут азы хра змоу усны ишыҟоу.
Дбар иҳәеит алабораториа ҿыц аҟны аус зуа зегьы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет ишоушьҭымҭацәоу. Ԥхьаҟа ААУ астудентцәа ари алабораториаҿ акурстәии адипломтәии усурақәа рыҩлоит, ирыхьчалоит амагистертә диссертациақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0