Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи риустициа аминистррақәа аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵараны иҟоуп

© Sputnik / Бадрак Авидзба Заседание Кабмина
Заседание Кабмина  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.09.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аиҳабыра реилатәара мҩаԥысуеит цәыббра 10 азы. Аилатәара далахәуп атәыла ахада Аслан Бжьаниа.
АҞӘА, цәыббра 10 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы ақәҵара рыдыркылеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи риустициа аминистррақәа аусеицуразы ирыбжьарҵараны иҟоу аиқәшаҳаҭра аганахь ала.
Ликование в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2021
Азхаҵара ашьҭахьтәи аусқәа: иаҭахузеи Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыҿиаразы
"Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрреи, Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономика аминистрреи, Аԥсны Аҳәынҭқарра афинансқәа рминистрреи зықәшаҳаҭу Аԥсны Аҳәынҭқарра аиустициа аминистрра ажәадгала адкылазааит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылеи риустициа аминистррақәа рыбжьара аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра апроект адкыларазы", - ҳәа аҳәоит ақәҵараҿ.
Ақәҵара рыдыркылеит "Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рзы" азакәан 12 ахәҭаҷ инақәыршәаны.
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылеи риустициа аминистррақәа рыбжьара аусеицура мҩаԥыргалоит иҟоу атрадициатә еимадарақәа азгәаҭаны, ганрацәалатәи аимадарақәа ирықәныҟәаны, наҟ-ааҟ аинтерес еицрыманы.
Аганқәа рԥышәа еимырдалоит азакәанԥҵаратәии анормативтә зинтә актқәеи реиҿкаараан, еимырдалоит аделегациақәа еиҳа инарҭбааны аиустициа аусбарҭақәа реиҿкаашьеи русушьеи адырразы.
Иазыԥхьагәаҭоуп асеминарқәа, алекциақәа, апрактикатә зыҟаҵарақәа уҳәа рымҩаԥгара. Аминистррақәа еимырдалоит азиндырратә литература, аиустициа акадрқәа реиҭазыҟаҵара аусқәа.
Уи адагьы аганқәа ацхыраалоит атәылауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи рынагӡара хықәкны иҟаҵаны азиндырратә системеи, ацхыраареи, амаҵзурақәеи рыҿиара.
Ажәабжьқәа зегьы
0