Агәабзиарахьчара аминистрраҿ ашколхәыҷқәа рыбжьара авирус аҟазаара атәы иалацәажәеит

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМассовая вакцинация от COVID-19 в России
Массовая вакцинация от COVID-19 в России - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.09.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 26030-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 21780-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 391-ҩык.
АҞӘА, цәыббра 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашколхәыҷқәа рыбжьара COVID-19 аҟазаара иацло иубом ҳәа иҳәеит ареспублика агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Аминитсрцәа реилазаара аилатәараҿы.
"Ҳареи ҳсанитар-епидемиологиатә маҵзурақәеи ари хылаԥшра аҳҭоит. Акызаҵәык аҭаацәа ҳрыҳәоит ахәыҷқәа ашкол ахь ианнаргои ианыргои рҽеизырымкларц", - ҳәа иҳәеит иара.
Ученики Сухумской школы №2 вернулись в учебное заведение - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.08.2021
Ашколхәыҷқәа COVID-19 хьанҭаны изхызго ргәыԥ ахь иаларҵеит
Аминистр иара убасгьы иазгәеиҭеит Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь аҿы адизельтә генератор шаҭаху, аӡынтәи аамҭа азыԥхьагәаҭаны.
Едуард Быҭәба далацәажәеит Гәдоуҭатәи агоспиталь дшаҭааз, уа иҟоу акомпиутертә томограф аштаттә режим ала аус шауа.
Аԥыза-министр Александр Анқәаб иҳәеит иааиуа амчыбжь азы Акоординациатә штаб аилатәара мҩаԥысраны ишыҟоу, ишрылацәажәо араионқәа рыҟны аус зуа алабораториақәа русура, иара убасгьы ашколқәа рҿы аҭагылазаашьа. Ашколхәыҷқәа рыбжьара COVID-19 аҟазаара иацло иубом, иҳәеит аԥыза-министр.
Иара убас шәаԥхьар ҟалгоит:
Ажәабжьқәа зегьы
0