Аԥсуа мҵәышәымпыл алегенда: Александр Седов диижьҭеи 95 шықәса ҵит

© Foto / федерация баскетбола АбхазииАлександр Седов
Александр Седов - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.09.2021
Анапаҵаҩра
Амҵәышәымпыл азы Аԥсны Афдерациа ҽааназы иазԥхьагәанаҭоит Александр Седов игәалашәара иазку атурнир амҩаԥгара.
АҞӘА, цәыббра 14 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа мҵәышәымпыл алегенда ҳәа изышьҭаз, имаҷымкәа абиԥарақәа еиҵазааӡахьаз Александр Седов цәыббра 14 азы 95 шықәса ихыҵуазаарын, ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Амҵәышәымпыл азы Аԥсны Афдерациа аиҳабы Ераст Агәмаа.
"Иара инапхгарала ихәмаруаз аспортсменцәа урҭ аамҭақәа ргәалашәоит. Иара илшон иҵаҩцәа амҵәышәымпыл амаӡақәа зегьы еилыркаартә рызнагара, зегьы бзиа дырбон, ҳаҭыр иқәырҵон. Амҵәышәымпыл азы Аԥсны Афдерациа дагәадуроуп ҳәа уҳәар алшоит", - иҳәеит Агәмаа.
Иазгәеиҭеит Амҵәышәымпыл азы Аԥсны Афдерациа ҽааназы ишазԥхьагәанаҭуа Александр Седов игәалашәара иазку атурнир амҩаԥгара. Агәмаа иҳәеит  Александр Седов ари ахәмаррахкы ихы-иԥсы шақәиҵоз, Аԥсны еизгоу акоманда дшалахәыз акапитансгьы дшыҟаз.
Турнир по стритболу  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2021
Аԥсны Амҵәышәымпыл азы афедерациа ахада ҿыц: аҿиара апрограмма аҭахуп
1951 шықәсазы Седов СССР ачемпионат ахәмаррақәа дрылахәын Қарҭтәи акоманда ахьӡала, Седов изныкымкәа Қырҭтәыла дачемпионхахьан, СССР ахәмаррақәа дрылахәхахьан. Анаҩс азыҟаҵаратә ус ахь диасит.
"Иара ҿыц амҵәышәымпыл асра иалаго аҵаҩцәа ахәмарра акәамаҵамақәа ииашаны рызнагара дақәшәон. Инапхгарала Аԥсны ақәыԥшцәа ркомандақәа 60-тәи ашықәсқәа раан Қырҭтәыла ашколтә Спартакиадақәа рҿы аразны медалқәа ранаршьахьан, 1970-шықәсазы ичемпионхахьан. Шәҩыла аспортсменцәа азыҟаиҵахьан. Урҭ Москва, Ленинград, Донецк, Қарҭ ркомандақәа рыхьӡала иқәгылон. Александр Михаил-иԥа иааӡамҭацәа иуаҩреи иҟазшьеи рзы бзиа дырбон", - ҳәа иҳәоит Ераст Агәмаа.
Александр Седов ианашьан еиуеиԥшым аҳамҭақәа: "Амҵәышәымпыл азы Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ", "Абаҩрҵәыреи аспорти рзы Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ", "Аԥсны аспорт азҟаза", "Аџьа аветеран". Ианашьан "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡареи, амедалқәеи, аҳаҭыртә шәҟәқәеи.
Ажәабжьқәа зегьы
0