АҞӘА, лаҵара 25 – Sputnik. Аԥсны амҵәышәымпыл аҿиаразы апрограмма ҿыц адкылара аҭахуп ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу аҭо ауаажәларратә еиҿкаара ахада ҿыц Ерасҭ Агәмаа.
"Ари азҵаара Афедерациа алахәылацәеи сареи ҳалацәажәахьеит. Хара имгакәа иазԥхьагәаҭоуп азеиԥш еизара, нас – аконференциа. Ирылацәажәахоит еиуеиԥшым азҵаарақәа. Сақәгәыӷуеит атәыла ахадара адгылара ҳарҭап ҳәа", - иҳәеит иара.
Агәмаа иара убасгьы деигәыӷуеит ари спортхк бзиа избо рҟынтәи аилкаареи адгылареи ҟалап ҳәа.
"Апрограмма аус аднаулалоит Афедерациа анагӡаратә еилакы, амҵәышәымпыл закәу еилызкаауа. Азыҟаҵаҩцәа, ари аспортхкы ԥхьаҟа аҿиашьа шаҭатәу еилызкаауа. Аиҳарак азхьаԥшра аҭахоит ахәыҷтәы, ақәыԥштә мҵәышәымпыл. Аха убри аан иахьагьы ихәмаруа ҳветеранцәагьы ацхыраара рҭахуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Акраамҭа аиҿкаара ахада дшамамызгьы, ҭыԥк аҿы игылан ҳәа узҳәом. Имҩаԥысуан еиуеиԥшым атурнирқәа, аҭыԥантәи акоманда атәыла анҭыҵҟа ицон. Аха убри аан амҵәышәымпыл аҿиара ҿыц аҭахуп ҳәа иҳәеит Ерасҭ Агәмаа.
"Атәыла анҭыҵ ҳхы дҳарбароуп, иаҳҳәап Алада Урыстәыла акәзаргьы. Акадрқәа ԥшаалатәуп. Ус ҟаиҵон сазыҟаҵаҩ Александр Михаил-иԥа Седов. Ашколқәа зегьы дырхысны аҟыбаҩ ҷыда змаз аликаауан, амҵәышәымпылтә школ аҿиара аиуразы", - иҳәоит иара.
Агәмаа иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Џьамал Гәбази иареи шеицәажәаз акомиссиа аԥҵаразы. Акомиссиа азыҟаҵаратә усурахь инеиуа асертификат рыҭаразы рҟазара ҭырҵаалоит.