https://sputnik-abkhazia.info/20210916/Aa-akhada-aepidemiat-agylazaashazy-ailatsazhara-maigeit-1033216539.html
Аҟәа ахада аепидемиатә ҭагылазаашьазы аилацәажәара мҩаԥигеит
Аҟәа ахада аепидемиатә ҭагылазаашьазы аилацәажәара мҩаԥигеит
Sputnik Аҧсны
Акоронавирустә инфекциа апандемиа иалагазар Аҟәа ачымазара рыхьхьеит 10 249-ҩык. 16.09.2021, Sputnik Аҧсны
2021-09-16T10:50+0300
2021-09-16T10:50+0300
2021-09-16T10:10+0300
акоронавирус адунеи аҿы
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/05/1d/1032518450_0:260:2601:1723_1920x0_80_0_0_dd388e5f5649a5ba95fc15680b3476ce.jpg
АҞӘА, цәыббра 16 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба аепидемиатә ҭагылазаашьазы аилацәажәара мҩаԥигеит ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.Акоронавируснтә инфекциа апандемиа иалагазар Аҟәа ачымазара рыхьхьеит 10 249-ҩык ҳәа лҳәеит аилатәараҿы аҳҭнықалақь ахадара агәабзиарахьчара Аусбарҭа аиҳабы Ирма Воуԥҳа. Лара илымоу аинформациала, иахьазы 363-ҩык чмазаҩуп, ргәы бзиахеит 9 460-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 163-ҩык.Лара илҳәеит ахәыҷтәы поликлиника аковид-кабинет аҿы нанҳәамзазы 475-ҩык рыдыркылеит, 311-ҩык ПЦР-анализ рымырхит, адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп 74-ҩык ҳәа. Хазы иалацәажәан алаҵаҟаҵара амҩаԥысшьа. Алаҵаҟаҵаратә кампаниа мҩаԥысуеит актәии ахԥатәии аполиклиникақәа рҿы, ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа, араионтә поликлиника, аполиклиника "Морпорт" рҿы.Аполиклиника №1 аиҳабы Лиана Амԥарԥҳа лажәаәқа рыла, аԥхьа мышкала 60-ҩык алаҵа ҟарҵозҭгьы, уажәы – жәаҩык роуп."Ауааԥсыра аус рыдулалатәуп. Иреилыркаатәуп алаҵа аҭҵаара ишахыжьу. Дарбанызаалак аӡәы алаҵа ашьҭахь игәабзиара шьақәҟьеит ҳәа адырра ҳамам", - ҳәа лҳәеит Лиана Амԥарԥҳа.Аҿкчымазаратә хәышәтәырҭа аҳақьым еиҳабы Асҭамур Гәниа иазгәеиҭеит уажәтәи ауаа рыдҵаалара еиҳа еиҵазтәыз арратә госпитальгьы аартроуп, апандемиа акәымкәа ҳәа, иагьиҳәеит аҵыхәтәантәи амшқәа рзы аепидемҭагылазаашьа аицәахара иаҿуп ҳәа.Аилацәажәараҿы Ешба иҳәеит аџьармыкьақәа рҿы ахылаԥшра шырӷәӷәатәу, аграфик алагалара аҭаххар шауа.Ақалақь ахадара иагәиҭоуп Апарламент ахь административтә еилагарақәа рзы Азакәкәанеидкыла аԥсахрақәа ралагалара апроект. Уи инақәыршәаны асанитар-епидемиологиатә нормақәа реилагаразы ахараԥсатә санкциақәа разгәаҭара аурц.
https://sputnik-abkhazia.info/20210916/Aara-aministrra-Asny-ashkola-ry-aepidemiologiat-agylazaasha-ialatsazheit-1033216090.html
https://sputnik-abkhazia.info/20210913/Agabziara-asharara-iargylatym-aazaua-COVID-19-aynt-alaa-khra-shamou-ieit-1033196187.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/05/1d/1032518450_58:0:2369:1733_1920x0_80_0_0_2f30bf8f8b117f7b90be25a445495f28.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
акоронавирус адунеи аҿы, аԥсны, ажәабжьқәа
акоронавирус адунеи аҿы, аԥсны, ажәабжьқәа
Аҟәа ахада аепидемиатә ҭагылазаашьазы аилацәажәара мҩаԥигеит
Акоронавирустә инфекциа апандемиа иалагазар Аҟәа ачымазара рыхьхьеит 10 249-ҩык.
АҞӘА, цәыббра 16 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба аепидемиатә ҭагылазаашьазы аилацәажәара мҩаԥигеит ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.
Акоронавируснтә инфекциа апандемиа иалагазар Аҟәа ачымазара рыхьхьеит 10 249-ҩык ҳәа лҳәеит аилатәараҿы аҳҭнықалақь ахадара агәабзиарахьчара Аусбарҭа аиҳабы Ирма Воуԥҳа. Лара илымоу аинформациала, иахьазы 363-ҩык чмазаҩуп, ргәы бзиахеит 9 460-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 163-ҩык.
Лара илҳәеит ахәыҷтәы поликлиника аковид-кабинет аҿы нанҳәамзазы 475-ҩык рыдыркылеит, 311-ҩык ПЦР-анализ рымырхит, адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп 74-ҩык ҳәа.
Хазы иалацәажәан алаҵаҟаҵара амҩаԥысшьа. Алаҵаҟаҵаратә кампаниа мҩаԥысуеит актәии ахԥатәии аполиклиникақәа рҿы, ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа, араионтә поликлиника, аполиклиника "Морпорт" рҿы.
Воуԥҳа лажәақәа рыла "Спутник V" ала алаҵаҟаҵараан еиҳа активла ауаа рхы мҩаԥыргон. Цәыббра 14 азтәи адыррақәа рыла "Спутник-Лайт" ҟарҵахьеит 1119-ҩык.
Аполиклиника №1 аиҳабы Лиана Амԥарԥҳа лажәаәқа рыла, аԥхьа мышкала 60-ҩык алаҵа ҟарҵозҭгьы, уажәы – жәаҩык роуп.
"Ауааԥсыра аус рыдулалатәуп. Иреилыркаатәуп алаҵа аҭҵаара ишахыжьу. Дарбанызаалак аӡәы алаҵа ашьҭахь игәабзиара шьақәҟьеит ҳәа адырра ҳамам", - ҳәа лҳәеит Лиана Амԥарԥҳа.
Аҿкчымазаратә хәышәтәырҭа аҳақьым еиҳабы Асҭамур Гәниа иазгәеиҭеит уажәтәи ауаа рыдҵаалара еиҳа еиҵазтәыз арратә госпитальгьы аартроуп, апандемиа акәымкәа ҳәа, иагьиҳәеит аҵыхәтәантәи амшқәа рзы аепидемҭагылазаашьа аицәахара иаҿуп ҳәа.
Аилацәажәараҿы Ешба иҳәеит аџьармыкьақәа рҿы ахылаԥшра шырӷәӷәатәу, аграфик алагалара аҭаххар шауа.
Ақалақь ахадара иагәиҭоуп Апарламент ахь административтә еилагарақәа рзы Азакәкәанеидкыла аԥсахрақәа ралагалара апроект. Уи инақәыршәаны асанитар-епидемиологиатә нормақәа реилагаразы ахараԥсатә санкциақәа разгәаҭара аурц.