Аԥсыӡнхамҩазы аурыс-аԥсуа комиссиа абыжьбатәи асессиа аусура иалагеит

© Sputnik / Бадрак Авидзба Седьмая сессия Абхазо-Российской комиссии по рыбному хозяйству
Седьмая сессия Абхазо-Российской комиссии по рыбному хозяйству - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.09.2021
Анапаҵаҩра
Асессиаҿы ишьақәдыргылараны иҟоуп 2021-2022 шықәсқәа рзы Аԥсны иатәу амшынӡы аҟны ҭагалан-аӡын акразы ззин ыҟоу акамшьиа ахыԥхьаӡара.
АҞӘА, цәыббра 16 – Sputnik, Бадрак Авидзба. Аԥсыӡнхамҩазы аурыс-аԥсуа комиссиа абыжьбатәи асессиа мҩаԥысуеит Аҟәа цәыббра 16-17 рзы.
Турецкие сейнера - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.09.2021
Аԥсыӡнхамҩазы аурыс-аԥсуа комиссиа асессиа мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа
Аиԥылара аартуа Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ, аԥсуа делегациа ахада Артуш Сарибекиан урыстәылатәи иколлегацәа аԥсшәа раҳәо агәыӷра ааирԥшит русура хра аманы ишымҩаԥысуа азы.
"Ҳара иахьа ара ҳаизеит аԥсыӡнхамҩазы аурыс-аԥсуа комиссиа абыжьбатәи асессиа  амҩаԥгаразы. Иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахьмырԥшыкәа арахь аара шәылшеит. Сақәгәыӷуеит аилатәара хра аманы имҩаԥысып, аилибакаара ҟалап ҳәа. Абыжьбатәи асессиа амҩаԥгараҟынӡа ҳнеихьазар уи шыҟало агәра згоит", - иҳәеит иара.
Аԥсыӡкразы афедералтә маҵзура Азов-Амшынеиқәатә ҵакыра аусбарҭа анапхгаҩы Игор Рулиов иазгәеиҭеит акомиссиа астатус ҳарак шамоу.
"Ашьыжь  аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр, аԥсуа ган аделегациа аиҳабы Беслан Циба-иԥа Џьапуеи сареи ҳаиқәшәеит. Ҳара ҳаиқәшәарақәа агәра удыргоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Амшын еиқәаҿы аԥсыӡкра иадҳәалоу азҵаарақәа хылаԥшра шырнаҭо", - ҳәа иҳәеит  Игор Рулев.
Ҩымш имҩаԥысраны иҟоу асессиаҿы аганқәа алацәажаәраны иҟоуп амшынеиқәатә регион аҿы аԥсыӡкреи аквакультуреи рҭагылазаашьа, аӡытә биоресурсқәа рыҟазаашьа, аквакультуратә аалыҵ ааӡара, аԥсыӡааглыхратә ҭҵаарадырра аусбарҭақәа рыбжьара аҭҵаарадырра-техникатә усеицура аплан.
Иара убасгьы ирзааҭгылоит аӡынтәи аԥсыӡкраамҭазы иркуа ақамшьиа ахышәаҵышәа, аӷбақәа рыла уи акышьа аформа.
Иара убасгьы ишьақәдыргылараны иҟоуп 2021-2022 шықәсқәа рзы Аԥснытәи амшынтә ӡқәа рҿы ҭагалан-аӡын акразы ззин ыҟоу акамшьиа ахыԥхьаӡара, иҳәаақәырҵоит Урыстәыла аԥсыӡкыга ӷбақәа русура аҭагылазаашьа.
Ажәабжьқәа зегьы
0