https://sputnik-abkhazia.info/20210918/abzhy-aargeit-ynua-Zelia-Azhia-aibashraan-Asnya-dshaaz-iazkny-1033207091.html
"Ҳабжьы ақәҳаргеит": ҳџьынџьуаҩ Зелиҳа Ажьиԥҳа аибашьраан Аԥсныҟа дшааз иазкны
"Ҳабжьы ақәҳаргеит": ҳџьынџьуаҩ Зелиҳа Ажьиԥҳа аибашьраан Аԥсныҟа дшааз иазкны
Sputnik Аҧсны
Ҳҩыза гәакьа Ефқан Цыба аибашьраҿы данҭаха ахьаа ду ҳамҽханакит. Иагьаҳаӡбеит ҳҭаацәа ирамҳәакәа, маӡала Аԥсныҟа ацара, иҳалшо ала ҳашьцәа арывагылара... 18.09.2021, Sputnik Аҧсны
2021-09-18T19:13+0300
2021-09-18T19:13+0300
2021-09-18T19:02+0300
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/0e/1033207452_0:279:2210:1522_1920x0_80_0_0_0a30f136f05872f8a9184f6da47fb3cb.jpg
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра иахаану рахьтә дыҟамзар ҟалап аӡәы, Ҭырқәтәылантәи ҳаԥсадгьыл аиқәырхаразы иааз ԥшьҩык аԥсуа ҭыԥҳацәа қәыԥшцәа Зелиҳа Ажьиԥҳаи, Аишьегьиуль Ашәԥҳаи, Елифи Фигьени Ашьхарааԥҳацәеи рыӡбахә змаҳац. Дара рџьынџьдгьыл ашәарҭара ианҭагыла аамҭазы арахь аара зларгәаӷьыз атәы Зелиҳа Ажьиԥҳа лажәабжь аҿы.Саида Жьиԥҳа, SputnikАԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аналага, Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа агәҭынчымра рызцәырҵит. Зыԥсадгьыл иаҭааны избахьаз, згәаҵаҿы абзиабара цәырҵыз рнаҩсгьы, Аԥсны алакҭа иҭамԥшыцызцгьы мшын нырцә иҟаз рыуаажәлар рхьаа рнырит. Аполитикатә ҭагылазаашьа шыуадаҩызгьы имаҷҩым забдуцәа рыдгьыл аиқәырхаразы иааз аҵеицәа.Аибашьра раԥхьатәи амзақәа рзы, 1992 шықәсазы Зелиҳа Ажьиԥҳаи даҽа хҩык лҩызцәа аҭыԥҳацәа Аишьегьиуль Ашәԥҳаи, аиҳәшьцәа Елифи Фигьени Ашьхарааԥҳацәеи еицны Аԥсныҟа иааит. Уи ала дара ирҭаххеит аибашьра рыбжьы ақәыргара, ахацәа аԥсадгьыл ахьчаразы рааԥхьара."Ҳҩыза гәакьа Ефқан Цыба аибашьраҿы данҭаха ахьаа ду ҳамҽханакит. Иагьаҳаӡбеит ҳҭаацәа ирамҳәакәа, маӡала Аԥсныҟа ацара, иҳалшо ала ҳашьцәа арывагылара. Ишаҳҳәаз еиԥш иҟаҳҵеит. Аӡӷабцәа ҳааилаланы иҳамаз ахьқәа ҭины, аԥара еилаԥсаны абилеҭқәа аахәаны Шәачанӡа ҳнаӡеит. Устәи, адырра заухьаз аԥсуа еибашьцәа ирылдыршеит аҳәааҿ ҳаиагара", - илгәалашәоит Зелиҳа.Зелиҳа Ажьиԥҳа уи аԥхьаҟагьы Аԥсныҟа даахьан, 1990 шықәсазы Кандид Ҭарба Ҭырқәтәыла иазыҟаиҵоз ансамбль дацны. Усҟан мызки бжаки рыԥсадгьыл аҿы иаанхеит, агострольқәа рыманы ицеит Нальчикгьы."Уи ашықәс азы схәыҷратә гәахәтәы нагӡахеит. Сеиҳабацәа рҟынтә сыԥсадгьыл гәакьахь сшьа-сда иалалахьаз абзиабара знык Аԥсны снеины сыуаажәлар ирасҳәандаз ҳәа сыҟан. Избоз зегьы гәыдыскылон, сцәаныррақәа ртәы расҳәон. Ус, ҽнак, машәыршәа слабадырит сан илыжәлантәыз Ахьиба зыжәлаз ԥҳәыск. Ҳҩыџьегьы ҳаибарҵәыуо ҳзеидыҵомызт. Нас аԥҳәыс лнацәа иахаз аимдахьа мацәаз аахыхны, "салаабгәалашәалап" лҳәан снапы иналыркит. Уи уажәыгьы иҵәахны исымоуп, сан илҳамҭоушәа ҳаҭыр сзақәуп", - еиҭалҳәоит ҳџьынџьуаҩ.Зелиҳа Ажьиԥҳа даҽазныкгьы илразҟхеит ари аԥҳәыс лбара, аха усҟан игәаӷьны дзылмацәажәеит. Зелиҳа лҩызцәеи лареи Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы амедицинатә усзуҩцәа ахәцәеи аԥсцәеи реилыргараҿы ацхыраара анрырҭоз, уи аԥҳәыс ашәы лхьыкәкәа ашҭаҿы дгылан. Агәаҟра ду дшақәшәаз еилкааны, Зелиҳа илзымгәаӷьит усҟан еиԥш алацәажәара. "Лхьаа иақәнагаз ажәақәа сзымҳәар ҳәа сшәеит" лҳәоит иахьагьы."Владислав Арӡынба агоспиталь аҿы ҳацхыраауеит ҳәа аниаҳа адҵа ҟаиҵеит аџьабаа ҳадмырбарц. Дара абри аамҭа хьанҭазы ргәы меиҭаскәа иахьааз азы мацара иҭабуп ҳәа расҳәоит, ари ахымҩаԥгашьа иаҳәо рацәоуп ҳарҭ ахацәа ҳзы ҳәа аибашьцәа дрылагыланы иҳәон", - лажәабжь иацылҵоит Зелиҳа.Аҭыԥҳацәа Ешыранӡагьы ицазаап. Уаҟа Зелиҳа лҽилырдырит лаб иеиԥшнылшьылаз Ажьибак. Иаргьы ани аԥҳәыс леиԥш инацәа иахаз амацәаз аахыхны, лхы днагәӡны "уажәтәила абри ауп исылшо" ҳәа налаҳәаны лнапсыргәыҵа инаиркит.Зелиҳа Ажьиԥҳаи, Аишьегьиуль Ашәԥҳаи, Елифи Фигьени Ашьхарааԥҳацәеи есыҽны рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылон азы, аамҭак ашьҭахь рыгәшәа ҳәаны Ҭырқәтәылаҟа идәықәырҵоит, "ҳгәы ҳашәмырган, ҳара ҳзы ихьымӡӷуп акы шәыхьыр" ҳәа нараҳәаны.Зелиҳа Ажьиԥҳа Ҭырқәтәылаҟа даныхынҳә дҭалоит Есқьишьеҳир ақалақь ауниверситетқәа руак, алитературатә факультет, археологиатә ҟәша. Анаҩс Анкара амагистратура далгоит. Илыхьчоит адоктортә диссертациа Византиатәи аԥараҿарпи архитектуреи ртемала. Аҵара анхлыркәша аусура далагоит дызҭаз ауниверситет аҿы, иахьа уаҟа профессорс дыҟоуп. Еиҳабыс дамоуп Афион ақалақь имҩаԥысуа, Византиатәи аамҭа иаҵанакуа археологиатә експедициа.Зелиҳа лҭаацәаратә ҭоурых дагәылало еиҭалҳәеит 1890 шықәсазы лабду Маҳмуд Баҭымынтәи Ҭырқәтәылаҟа дшааз. Анхарагьы далагеит Адаԥазар азааигәара, Ҳарманҭеԥе ақыҭан. Маҳмуд диразҟхеит аԥсуа ԥҳәызба Сеҳер Арсиаԥҳа. Дара ирхылҵуеит быжьҩык ахшара, хҩык аԥацәеи ԥшьҩык аԥҳацәеи. Зелиҳа лакәзар ҩыџьа аиашьцәа драҳәшьоуп. Лыԥшәма милаҭла дадыгьуп, длааӡоит аԥа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/0e/1033207452_0:71:2210:1729_1920x0_80_0_0_d7bdafeabcec5551a3dc0b9b8a86ab6f.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аԥсны
"Ҳабжьы ақәҳаргеит": ҳџьынџьуаҩ Зелиҳа Ажьиԥҳа аибашьраан Аԥсныҟа дшааз иазкны
Ҳҩыза гәакьа Ефқан Цыба аибашьраҿы данҭаха ахьаа ду ҳамҽханакит. Иагьаҳаӡбеит ҳҭаацәа ирамҳәакәа, маӡала Аԥсныҟа ацара, иҳалшо ала ҳашьцәа арывагылара. Ишаҳҳәаз еиԥш иагьыҟаҳҵеит.
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра иахаану рахьтә дыҟамзар ҟалап аӡәы, Ҭырқәтәылантәи ҳаԥсадгьыл аиқәырхаразы иааз ԥшьҩык аԥсуа ҭыԥҳацәа қәыԥшцәа Зелиҳа Ажьиԥҳаи, Аишьегьиуль Ашәԥҳаи, Елифи Фигьени Ашьхарааԥҳацәеи рыӡбахә змаҳац. Дара рџьынџьдгьыл ашәарҭара ианҭагыла аамҭазы арахь аара зларгәаӷьыз атәы Зелиҳа Ажьиԥҳа лажәабжь аҿы.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аналага, Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа агәҭынчымра рызцәырҵит. Зыԥсадгьыл иаҭааны избахьаз, згәаҵаҿы абзиабара цәырҵыз рнаҩсгьы, Аԥсны алакҭа иҭамԥшыцызцгьы мшын нырцә иҟаз рыуаажәлар рхьаа рнырит. Аполитикатә ҭагылазаашьа шыуадаҩызгьы имаҷҩым забдуцәа рыдгьыл аиқәырхаразы иааз аҵеицәа.
Аибашьра раԥхьатәи амзақәа рзы, 1992 шықәсазы Зелиҳа Ажьиԥҳаи даҽа хҩык лҩызцәа аҭыԥҳацәа Аишьегьиуль Ашәԥҳаи, аиҳәшьцәа Елифи Фигьени Ашьхарааԥҳацәеи еицны Аԥсныҟа иааит. Уи ала дара ирҭаххеит аибашьра рыбжьы ақәыргара, ахацәа аԥсадгьыл ахьчаразы рааԥхьара.
"Ҳҩыза гәакьа Ефқан Цыба аибашьраҿы данҭаха ахьаа ду ҳамҽханакит. Иагьаҳаӡбеит ҳҭаацәа ирамҳәакәа, маӡала Аԥсныҟа ацара, иҳалшо ала ҳашьцәа арывагылара. Ишаҳҳәаз еиԥш иҟаҳҵеит. Аӡӷабцәа ҳааилаланы иҳамаз ахьқәа ҭины, аԥара еилаԥсаны абилеҭқәа аахәаны Шәачанӡа ҳнаӡеит. Устәи, адырра заухьаз аԥсуа еибашьцәа ирылдыршеит аҳәааҿ ҳаиагара", - илгәалашәоит Зелиҳа.
Зелиҳа Ажьиԥҳа уи аԥхьаҟагьы Аԥсныҟа даахьан, 1990 шықәсазы Кандид Ҭарба Ҭырқәтәыла иазыҟаиҵоз ансамбль дацны. Усҟан мызки бжаки рыԥсадгьыл аҿы иаанхеит, агострольқәа рыманы ицеит Нальчикгьы.
"Уи ашықәс азы схәыҷратә гәахәтәы нагӡахеит. Сеиҳабацәа рҟынтә сыԥсадгьыл гәакьахь сшьа-сда иалалахьаз абзиабара знык Аԥсны снеины сыуаажәлар ирасҳәандаз ҳәа сыҟан. Избоз зегьы гәыдыскылон, сцәаныррақәа ртәы расҳәон. Ус, ҽнак, машәыршәа слабадырит сан илыжәлантәыз Ахьиба зыжәлаз ԥҳәыск. Ҳҩыџьегьы ҳаибарҵәыуо ҳзеидыҵомызт. Нас аԥҳәыс лнацәа иахаз аимдахьа мацәаз аахыхны, "салаабгәалашәалап" лҳәан снапы иналыркит. Уи уажәыгьы иҵәахны исымоуп, сан илҳамҭоушәа ҳаҭыр сзақәуп", - еиҭалҳәоит ҳџьынџьуаҩ.
Зелиҳа Ажьиԥҳа даҽазныкгьы илразҟхеит ари аԥҳәыс лбара, аха усҟан игәаӷьны дзылмацәажәеит. Зелиҳа лҩызцәеи лареи Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы амедицинатә усзуҩцәа ахәцәеи аԥсцәеи реилыргараҿы ацхыраара анрырҭоз, уи аԥҳәыс ашәы лхьыкәкәа ашҭаҿы дгылан. Агәаҟра ду дшақәшәаз еилкааны, Зелиҳа илзымгәаӷьит усҟан еиԥш алацәажәара. "Лхьаа иақәнагаз ажәақәа сзымҳәар ҳәа сшәеит" лҳәоит иахьагьы.
"Владислав Арӡынба агоспиталь аҿы ҳацхыраауеит ҳәа аниаҳа адҵа ҟаиҵеит аџьабаа ҳадмырбарц. Дара абри аамҭа хьанҭазы ргәы меиҭаскәа иахьааз азы мацара иҭабуп ҳәа расҳәоит, ари ахымҩаԥгашьа иаҳәо рацәоуп ҳарҭ ахацәа ҳзы ҳәа аибашьцәа дрылагыланы иҳәон", - лажәабжь иацылҵоит Зелиҳа.
Аҭыԥҳацәа Ешыранӡагьы ицазаап. Уаҟа Зелиҳа лҽилырдырит лаб иеиԥшнылшьылаз Ажьибак. Иаргьы ани аԥҳәыс леиԥш инацәа иахаз амацәаз аахыхны, лхы днагәӡны "уажәтәила абри ауп исылшо" ҳәа налаҳәаны лнапсыргәыҵа инаиркит.
Зелиҳа Ажьиԥҳаи, Аишьегьиуль Ашәԥҳаи, Елифи Фигьени Ашьхарааԥҳацәеи есыҽны рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылон азы, аамҭак ашьҭахь рыгәшәа ҳәаны Ҭырқәтәылаҟа идәықәырҵоит, "ҳгәы ҳашәмырган, ҳара ҳзы ихьымӡӷуп акы шәыхьыр" ҳәа нараҳәаны.
Зелиҳа Ажьиԥҳа Ҭырқәтәылаҟа даныхынҳә дҭалоит Есқьишьеҳир ақалақь ауниверситетқәа руак, алитературатә факультет, археологиатә ҟәша. Анаҩс Анкара амагистратура далгоит. Илыхьчоит адоктортә диссертациа Византиатәи аԥараҿарпи архитектуреи ртемала. Аҵара анхлыркәша аусура далагоит дызҭаз ауниверситет аҿы, иахьа уаҟа профессорс дыҟоуп. Еиҳабыс дамоуп Афион ақалақь имҩаԥысуа, Византиатәи аамҭа иаҵанакуа археологиатә експедициа.
Зелиҳа лҭаацәаратә ҭоурых дагәылало еиҭалҳәеит 1890 шықәсазы лабду Маҳмуд Баҭымынтәи Ҭырқәтәылаҟа дшааз. Анхарагьы далагеит Адаԥазар азааигәара, Ҳарманҭеԥе ақыҭан. Маҳмуд диразҟхеит аԥсуа ԥҳәызба Сеҳер Арсиаԥҳа. Дара ирхылҵуеит быжьҩык ахшара, хҩык аԥацәеи ԥшьҩык аԥҳацәеи. Зелиҳа лакәзар ҩыџьа аиашьцәа драҳәшьоуп. Лыԥшәма милаҭла дадыгьуп, длааӡоит аԥа.