Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Агәхаа ашколхәыҷқәа рымш ииашаны ашьақәыргылара иазкны

© Foto / предоставила Алиса Агухава Алиса Агухава
Алиса Агухава - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.09.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи афбтәи абжьаратә школ апсихолог Алиса Агәхаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ашколхәыҷқәа рымш аиҿкаараҿы хшыҩзышьҭра зҭатәу, насгьы аҩбатәи, ахԥатәи амшԥҵәаҿы аҵара зҵо рымш шьақәдыргылар шахәҭоу атәы.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Агәхаа ашколхәыҷқәа рымш ииашаны ашьақәыргылара иазкны
"Ахәыҷы дмаапсартә еиԥш, убри аан дызҿу зегьы игәы ахымшәартә еиԥш аҟаҵара алыршахоит, зегьы актәи асменаҿы аҵара рҵалар. Аха аҩбатәи асменаҿы иҟоу ахәыҷқәа иага ирҭахызаргьы аҽазыҟаҵарақәа, идыргәаҟуеит. Аҭаацәа ирылшо аасҭа ирыдырцалоит. Усгьы дааԥсаны даауеит ахәыҷы, аҩбатәи асмена аҟынтә, анаҩс еиҭа аҽазыҟаҵарақәа рахь дрышьҭуеит. Уи иара ицәыцәгьоуп, аха аҭаацәа аҵарадырра иҭара ахьырҭаху аҟынтә, дара рцәаныррақәа ртәы ианазымҵаауагьы ыҟоуп. Убри даара ахәыҷқәа ирныԥшуеит, нас стрессны ирхыргоит. Уи иахылҿиаауа анаҩс ирацәоуп. Ашкол аҿгьы рхы даҽакала иаадырԥшуа иалагоит, агәамбзиарагьы шьҭырхуеит. Уи зегьы ирхырго ааԥсароуп изыхҟьо", - ҳәа еиҭалҳәеит Агәхаа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0