Аҟәа ақалақь ахада Аҳәынҭқарратә Думахь абжьыҭара мҩаԥигеит

Беслан Эшба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.09.2021
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә Думахь абжьыҭаразы Аҟәа иаартуп алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба, а-5-тәи абжьаратә школ аҿы иҟоу Павловтәи мандатктәи аокруг иадҳәалоуп, а-10-тәи ашкол аҿтәи алхырҭатә ҭыԥ Забаикалтәи мандатктәи аокруг иадҳәалоуп.
АҞӘА, цәыббра 19 – Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба Урыстәыла Адумахь адепутатцәа ралхраз ибжьы аиҭеит. Абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара рсаит.
Беслан Ешба ибжьы аиҭеит Аҟәатәи а-5-тәи абжьаратә школа аҿы.
Иара убас, ари алхырҭатә ҭыԥ аҿы рыбжьы арҭеит Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаа Автандил Сурманиӡеи Леон Кәарҷиеи.
Цәыббра 19 рзы Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь адепутатцәа ралхразы Аԥсны иахьаҵанакуа абжьыҭаратә ҭыԥқәа жәба аартуп.
Абжьыҭара рхы аладырхәыр рылшоит Аԥсны инхо, 18 шықәса зхыҵхьоу Урыстәыла атәылауаа, иара убасгьы абжьыҭара амш азы ара аамҭала иҟоу. Абжьыҭаразы иумазароуп аҩнуҵҟатәи ма аҳәаанырцәтәи урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәы.
Алхырҭатә ҭыԥқәа зегь рыҟны аҿкчымазара аҽацәыхьчаразы аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәоит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ажәабжьқәа зегьы
0