Пермь ахысра ҟазҵаз даанызкылаз аполициа аусзуҩцәа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа рырҭоит

© Foto / Следственный комитет РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтрельба в университете в Перми
Стрельба в университете в Перми - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2021
Анапаҵаҩра
Пермтәи амилаҭтә ҭҵаарадырратә университет аҵакыраҿы ауниверситет астудент аҵаратә корпус аҿы ахысра далагеит. Фҩыуаак ҭахеит 28-ҩык аахақәа роуеит.
АҞӘА, цәыббра 21 - Sputnik. Урыстәыла ААР аиҳабы Владимир Колокольцев ацәгьоуҩы иаанкылара зылшаз АПМ (ДПС) аусзуҩцәа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранеишьоит ҳәа лҳәеит УА ААА аофициалтә хаҭарнак Ирина Волк.
"Колокольцев Урыстәыла ахада идигалараны дыҟоуп ацәгьоуҩы иаанкылара зылшаз АПМ (ДПС) аусзуҩцәа", - лҳәеит Волк.
Аусбарҭа адыррақәа рыла, ахҭыс ахьыҟалаз раԥхьа инеиз иреиуоуп  аполициа алеитенант аиҳабы Владимир Макарови аполициа алеитенант еиҵбы Константин Калинини. Макаров аҭыԥ аҟынтәи ауаа рықәгара далагеит, Калинин аҵараиурҭахь дыҩналеит. Уа дибеит абџьар зкыз ауаҩы. Аиҿахысра ашьҭахь ацәгьоуҩы дихәит, анаҩс иабџьар ихихит, актәи ацхыраарагьы изыҟаиҵеит.
"Константин Калинини Владимир Макарови иҟаз аҭагылазаашьа шәарҭа аан  агәымшәара аарԥшуа ишахәҭаз рхы мҩаԥыргеит. Ашәарҭара аҿаԥхьа аполициа аусзуҩцәа бџьарла еибыҭаз ауаҩы иҿагылара рылшеит. Уи иабзоураны арыцҳара еиҳагьы иҟалартә иалдмыршеит", - лҳәеит Волк.
Стрельба в университете в Перми - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.09.2021
Пермтәи ауниверситет аҿы ахысра иахҟьаны иҭахаз рхыԥхьаӡара еилкаахеит
Пермтәи амилаҭтә ҭҵаарадырратә университет аҵакыраҿы ауниверситет астудент аҵаратә корпус аҿы ахысра далагеит. Ишьақәырӷәӷәоу адыррақәа рыла, фҩык ҭахеит, 24-ҩык ахәрақәа роуит.
Ацәгьоуҩы данааныркылоз аҿагылара ҟаиҵеит, убри аан дырхәит.
Аполициа алеитенант еиҵбы Константин Калинин еиҭеиҳәеит ихысуаз иабџьар шихихыз. Иара иажәақәа рыла, иҩызеи иареи аҵараиурҭа иацәыхарамкәа амҩатә машәыр аилыргара иаҿын. Иҟалаз аниаҳа, аҵараиурҭа ахыбрахь днеит, уа ацәгьоуҩи иареи еиҿаҳаит. Аиҿахысра ашьҭахь, ацәгьоуҩы дихәит, анаҩс иабџьар ихихит, актәи ацхыраарагьы изыҟаиҵеит.
Анаҩс уи ахәышәтәырҭахь днаган.
Ажәабжьқәа зегьы
0