00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Афонд "Ашана" Леон Қриа изы аԥареизгара хацнаркит

© Sputnik / Томас ТхайцукПодопечный фонда "Ашана" Леон Кирия
Подопечный фонда Ашана Леон Кирия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.09.2021
Анапаҵаҩра
Леон Қриа-Ҭаниа ихәышәтәра изаамҭанытәиу акурс амҩаԥгаразы иаҭахны иҟоуп 250 000 мааҭ.
АҞӘА, цәыббра 22 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" ирыланаҳәеит Леон Қриа-Ҭаниа ихәышәтәра изаамҭанытәиу акурс амҩаԥгаразы иаҭахны иҟоу аԥара аизгара шхацырку. Москватәи ахәышәтәырҭақәа руак аҿы Леон изықәдыргылеит адиагноз: "ахшыбаҩ адисфункциа маҷ".
Ашана встретилась с создателями площадки Tooba  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.09.2021
Афонд "Ашана" аԥҵаҩцәеи Tooba аиҿкааҩцәеи еиԥылеит
"Иахьа Леон Қриа-Ҭаниа изы аԥареизгара ҳалагеит. Ари аҭаацәара рзы фынтәуп аԥара еизаагоижьҭеи. Уаанӡатәи ҳаизгарақәа, Анцәа иџьшьарала, алҵшәа роуит. Леон ацәажәара далагеит, ашкол ахь дцеит, иҩызцәа еиҳа дырныруеит. Ихәышәтәра еиԥымҟьарц азы иаарласны аԥара еизгатәуп", - лҳәеит акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" ахылаԥшратә хеилак ахантәаҩы Изольда Ҳагԥҳа.
Леон Қриа-Ҭаниа ихәышәтәра изаамҭанытәиу акурс амҩаԥгаразы иаҭахны иҟоуп 250 000 мааҭ лҳәеит Ҳагԥҳа, ааԥхьарагьы ҟалҵеит ахәыҷы ацхыраара иҭазарц.
"Шәааи аҽазныкгьы ацхыраара ҟаҳҵап Леон иԥсҭазаара насыԥла иҭәырц", - лҳәеит лара.
2018 шықәсазы Москватәи ахәышәтәырҭақәа руак аҿы Леон изықәдыргылеит адиагноз: "ахшыбаҩ адисфункциа маҷ". Усҟан иара ажәақәак ракәын ииҳәарц илшоз. Иан афонд ахь даннеи аԥареизгара хацыркхеит, ирыԥшааит амедицинатә центр.
"Ҳақәҿиарақәа бзиоуп. Ахәыҷы хәышықәса дцәажәомызт", - лҳәеит Леон иан Шьазина Қриаԥҳа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАфонд "Ашана" Леон Қриа изы аԥареизгара хацнаркит
Подопечный фонда Ашана Леон Кирия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Афонд "Ашана" Леон Қриа изы аԥареизгара хацнаркит
Афонд "Ашана" ацхыраарала Леон хә-курск дырхысхьеит. Игәабзиара еиҳа-еиҳа ишьақәгылоит.
"Зегь раасҭа ихадароу ашкол ахь дцеит, иҩызцәа реиԥш ихы мҩаԥигоит. Ҳәарада, ацәажәараҿы деиҵахоит, аха аҳақьымцәа ражәақәа рыла 100% ихәышәтәра алшоит ҳәа", – лҳәеит Леон иан.
Леон дшьақәгыларц азы ихәышәтәра иацҵатәуп.
"Аҭҵаарақәа ахьымҩаԥыргоз москватәи ацентр аҿы иаҳзыԥшуп. Афбатәи акурс ҳахысроуп. Абҵара 29 рзы уа ҳаҟазароуп. Уаанӡа Бурденко иклиникахь ҳнеины анеирохирург иконсультациа ҳауроуп ", – лҳәеит лара.
Леон бзиа ибоит аԥхьаӡара, аԥхьара. Иазыԥшуп 11-12 шықәса анихыҵуа ичымазара дацәцап ҳәа.
Ацхыраара аҟаҵашьа мҩақәас иҟоу - афонд "Ашана" аофициалтә саит аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0