Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Занҭариа: амаҵура иашьҭоу ачынуаҩ, аҳәынҭқарра абызшәа шныҟәигара дазхәыцроуп

© Sputnik / Томас ТхайцукВладимир Зантария
Владимир Зантария - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.09.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуа бызшәа апроблема иалацәажәеит Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы имҩаԥгаз астол гьежь аҟны. Уаҟа иззааҭгылаз азҵаарақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ауаажәларратә усзуҩ Владимир Занҭариа.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Занҭариа абызшәа апроблема иазкны
"Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы имҩаԥгаз аицәажәара гәаартыла имҩаԥысит. Раԥхьа иргыланы абызшәа азҵаараҿы аҳәынҭкарра ароль ӷәӷәазар ауп. Сара иахьатәи уаанӡатәи амчрақәа ҳәа еилысхӡом, инеилазаалакгьы ирыгхоит, ҳара аинтеллигенциа ҳабжьы ҳмыргар. Аинтеллигенциа ишьҭарҵаз ауасхыр ауп иахьа ҳаибаркны ҳазмоу. Иазықәԥодаз ҳжәытә, ҳҿатә, ҳастатус- аинтеллигенциеи ажәлари?! Ачынуаҩ амаҵура иашьҭоу, аҳәынҭқарра абызшәа шныҟәигара дазхәыцроуп…", - азгәеиҭеит Занҭариа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0