Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа ареанимобиль ҿыц аиуит

© Foto / официальный портал администрации города Сухум Минздрав передал Сухумской инфекционной больнице реанимобиль
Минздрав передал Сухумской инфекционной больнице реанимобиль   - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.09.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи амеценат Иван Саввидии имҩаԥыргаз аилацәажәара ашьҭахь, Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра Саввиди Ифонд аҟынтәи ҳамҭас иаиуит "С" акласс иатәу ареанимобиль Volkswagen Crafter.
АҞӘА, цәыббра 25 - Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр ҳаамҭа иақәшәо аренимобиль Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа иеиҭеит аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба ила ишабоз. Абри атәы аанацҳауеит Аҟәа ақалақь ахадара асаит.
Уаанӡа Чечентәи Ареспубликаҟынтәи ҳамҭас ироуз ацхыраара лас амашьынақәа ҩба агәабзиарахьчара аминистр Афон ҿыци Очамчыреи ириҭеит.
Минздрав передал в пользование районным больница Очамчыры и Нового Афона две машины Скорой помощи - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.09.2021
Очамчыра араиони Афон ҿыци ацхыраара ласы амашьына ҿыцқәа роуит
"Даҽа реанимобильки ацхыраара лас амашьынақәа ҩбеи Аҟәа иазаарышьҭраны иҟоуп", - ҳәа адырра ҟаиҵеит аминистр Едуард Быҭәба.
Аҟәа ақалақь ахада агәабзиарахьчара аминистр иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа иаҭазарц ахьиӡбаз азы. 
"Иахьа аинфекциатә хәышәтәырҭа акоронавирус зыхьуа рыхәшәтәраҿы ԥхьагылара ауеит, убри азы абри аҩыза амашьына хымԥада иаҭахын. Сгәанала, иара рхы иадырхәалоит зҭагылазаашьа бааԥсу, хырԥашьа змам ацхыраара зҭаху, ҽаџьара ииагатәу ачымазцәа рымҩангаразы. Агәраганы сыҟоуп уи знапы ианыло амедицинатә усзуҩцәа ҭакԥхықәрала иазнеип ҳәа. Иҭабуп идуӡӡаны, ақәҿиарақәа шәзеиӷьасшьоит, алҵшәа бзиақәа шәзыԥшызааит", - иҳәеит Беслан Ешба. 
Ареанимобиль аҟынтәи ацаԥхақәеи адокументқәеи инапаҿы идыркит Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭа ареанимациатә ҟәша аиҳабы Дамеи Занҭариа. Иара агәрагара ааирԥшит ари ареанимобиль ауааԥсыра рзы ишхәарҭахо, ахә ҳаракынгьы ишыршьо.
 
Ажәабжьқәа зегьы
0