Гал араион ахада: Егры аҳәаа ахысра аԥҟарақәа рырӷәӷәара аҭахӡам

© Sputnik / Марианна Кубрава Граница по реке Ингур
Граница по реке Ингур  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.09.2021
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Гал араион асанитартә ҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Георги Қобалиа Sputnik аинтервиу анеиҭоз иҳәеит Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа ахысра аԥҟарақәа рӷәӷәатәуп ҳәа.
АҞӘА, цәыббра 25 – Sputnik. Қырҭтәылеи Аԥсни рҳәаа ахысра аԥҟарақәа рырӷәӷәара аҭахӡам ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Гал араион ахада Константин Ԥлиа.
Граница по реке Ингур  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.09.2021
Гал араион асанитартә ҳақьым хада и.н.: Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәааҿ аԥкрақәа рӷәӷәатәуп
"Қырҭтәылеи ҳареи ҳҳәааҟны игылоуп ҳмедицинатә пункт, есҽны уа ашьыжь асааҭ быжьба инаркны ахәылбыҽха асааҭ быжьбанӡа, аҳәаа ахьынӡаарту, амедицинатә усзуҩцәа ҷаԥшьоит. Аҳәаа иахысуа ирымырхуеит алаҵа шыҟарҵахьоу азы аилыркаага, мамзаргьы 72 сааҭ еиҳаны изхымлахьоу ПЦР-тест азы ашәҟәы, ма ацәеижьҿагылақәа шрылоу зҳәо ашәҟәы", – ҳәа инаҵишьит иара.
Акоронавирустә инфекциа ҿыц азы аҭагылазаашьа цәгьоуп ҳәа ахимҳәааит Ԥлиа. Гал араион аҿы иахьазы 34-ҩык рҽырхәышәтәуеит ахәышәтәырҭа иҭамлаӡакәа, школк аамҭала иаркын, аха уигьы уажәшьҭа аусура иалагахьеит иҳәеит иара.
"Ҳсанитартә ҳақьым ишиҳәо еиԥшҵәҟьа аҭагылазашьа бааԥсым. Сара еилыскаауеит, асанитартә ҳақьымцәа аԥҟарақәа рӷәӷәазар еиҳа еиӷьаршьоит, ачымазарагьы усҟак иҿиаӡом, аха аԥсҭазаара ԥсҭазаароуп, ауаа аус нхароуп, аус руроуп, иҿиароуп. Ашәарҭара уеизгьы есымша иҟазаауеит", - ҳәа азгәеиҭеит Ԥлиа.
Уаанӡа Гал араион асанитартә ҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Георги Қобалиа Sputnik аинтервиу анеиҭоз иҳәиҳәеит Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа ахысра аԥҟарақәа рӷәӷәатәуп ҳәа. Иара иажәақәа рыла, Гал араион иқәынхо ауааԥсыра лассы-лассы аҳәаа иаԥну Жәыргьыҭ араион иаҭаауеит, уа мышкала 200-300-ҩык акоронавирус рыдырбалоит, ПЦР-тестқәа ракәзар, актәи ма аҩбатәи амш азы авирус рзаарԥшӡом.
Ажәабжьқәа зегьы
0