Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Емырхәба Гал имаҷу ашьапылымпылтә дәы аиҭашьақәыргылара иазкны

© Foto / предоставлено Бесланом ЭмырхэбаБеслан Эмырхэба
Беслан Эмырхэба - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2021
Анапаҵаҩра
Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Емырхәба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақалақь аҟны ашьапылымпыл асырҭа маҷ шеиҭашьақәдыргыло атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Емырхәба Гал имаҷу ашьапылымпылтә дәы аиҭашьақәыргылара иазкны
"Ашьапылымпыласырҭа маҷ аҟны аҿар хәмарыртә еиԥш аҭагылазаашьа бзиа ыҟамызт. Раԥхьа инаргыланы уи аиҭашьақәыргылара рнапы аларкит араҟа инхо, нас араион ахадарагьы рыцхрааит.
Амашьына дуқәа рыла анышә артәара, ариашара аҭахын, насгьы иҭахкаатәын, арҭқәа рыла ацхыраара ҟаҵан. Иахьатәила иуҳәозар, Гал араион аҟны иҟаӡам ашьапылымпыласырҭа маҷ ыҟаӡам. Уажәы ацәажәарақәа цоит араион ахадараҟны иааиуа ашықәс, ма ҳазҭоу иалагӡаны џьара акы азхәыцны ашьапылымпыласырҭа аартхарц», - иҳәеит Емырхәба.
Иаҳа инеиҵыхны анҵамҭа аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0